Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит Аԥсны

© Foto / пресс - служба Министерства просвещения и языковой политики РАОткрытия Международной школы "Учитель года" в Гаграх
Открытия Международной школы Учитель года в Гаграх  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит Аԥсны, Гагра ақалақь аҿы нанҳәа 15 азы, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
"Аԥхынтәи ашкол алахәразы Урыстәылантәи арҵаҩцәа 19-ҩык Аԥсныҟа иааит, дара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иреиӷьу ҳәа иалкаан. Аԥснытәи арҵаҩцәагьы рырҵаҩратә ԥышәа рҩызцәа ирымардоит. Ашкол еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус аулоит", - иҳәеит иара.
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьеи уахь рхыԥхьаӡаралареи иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьеи уахь рхыԥхьаӡаралареи иазкны
Жәларбжьаратәи аԥхынтә школ "Ашықәс арҵаҩы" аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп -ашколқәраҟынӡатәи аҵара, алагарҭатә школ, афилологиа, аматематика, абиологиа, ахимиа.
Аиҿкааҩ - Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
"Уажәазы х-лекциак мҩаԥгоуп. Алахәылацәа аинтерес аадырԥшуеит. Аԥхынтәи ашкол атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи аҭааит. Ари дара рзы иԥышәа бзиахоит", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аԥхынтәи ашкол иалахәуп 120-ҩык Аԥснытәии Урыстәылатәии арҵаҩцәа.
2022 шықәса алагамҭаз раԥхьатәи жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы".
Апроект хықәкыс иамоуп аԥышәа, арҵаратә методикақәа, атехнологиақәа, урҭ рхархәара алшарақәа реимадара. Аԥхынтәи ашкол иалахәуп арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, аметодистцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0