Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

800 зинеилагара аԥырҟәҟәаан аурыс-аԥсуа ҳәааҿы 2022 шықәса иалагеижьҭеи

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы административтә зинеилагараз 800 ус хацдыркит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
"2022 шықәса иалагазар аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аусзуҩцәа иаԥдырҟәҟәааит 798 зинеилагара", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ари 12% рыла еиҳауп ииасыз ашықәс абри аамҭаз аасҭа. Аиҳарак азинеилагарақәа атауар ашәҟәы аҭамгалара, аԥкрақәа рықәымныҟәара, атауар гәазҭоз рцәыҵәахра, автомашьынақәа аамҭала ралагалара аҿҳәара аилагара реиԥш иҟақәоу роуп.
АҬ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков иажәақәа рыла, арҭ азинеилагарақәа 88% шьақәдыргылоит азеиԥшусқәа рхыԥхьаӡараҟынтә.
Ажәабжьқәа зегьы
0