Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура хада иазгәанаҭеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура ахырхарҭақәа

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Апрокуратура хадеи русецуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит жьҭаара 1 2008 шықәсазы.
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Апрокуратура хадеи ашьаусҭҵааратә усеилыргара ахырхарҭала русеицура мҩаԥысуеит, ари атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.
"Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Апрокуратура хадеи аиҳарак реинырра мҩаԥысуеит ашьаусҭҵааратә усеилыргара аусхк аҟны. Раԥхьа иргыланы Аԥсни Урыстәылеи ршьаусԥшааратә усбарҭақәа рҟны аус здыруало ашьаусқәа рҿы азинтә цхыраара амҩаԥгара, аекстрадициа азҵаарақәа рҿы", - иҳәеит иара.
Амҷба иажәақәа рыла, Аԥсны азы еиҳа актуалра аманы иҟоуп аҵара аусхк аҟны аусеицура. Убри азы Аԥсны Апрокуратура хада аусзуҩцәа Урыстәыла ауниверситетқәа рҿы аҵара рҵоит, акурсқәеи асеминарқәеи ирхысуеит, азшьақәа арҭоит, аттестациақәа роуеит.
Нанҳәа 3 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Адгур Агрба идикылеит Урыстәыла Апрокуратура хада аделегациа. Аҟәа имҩаԥысит асеминарқәа ҩбеи астол гьыжьқәеи закәаншьаҭада анаркотикеикәыршара аусхк аҟны азакәанԥҵара ақәныҟәара, апрокурортә хылаԥшра аиҿкаара ртемала.
"Аиԥылара алҵшәақәа рыла ҳзакәанԥҵара аԥсахрақәа алагалахар ҟалоит, избанзар, иҟоуп хырҩа заҳҭаз аҭагылазаашьақәа. Усеиԥш ҟалеит арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа уаанӡа ҳахьрықәымшәацыз азы", - иҳәеит Амҷба.
Аԥснытәии урыстәылатәии апрокурорцәа асеминарқәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2022
Аԥсны
Аԥснытәии урыстәылатәии апрокурорцәа асеминарқәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа
Иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла рзин шыҟам анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҟаҵараан ахархәара зырҭо амаругақәа, урҭ - алабораториатә усҭагақәа, арызагақәа.
Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы иҳәеит, Аԥсныҟагьы алабораториатә маругақәеи препаратқәаки раагара азин шыԥктәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0