Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа агазеҭ "Аԥсны" асаит аусура иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа агазеҭ «Аԥсны» асаит аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" асаит аусура иалагеит. Уи атехникатә менеџьер Аслан Занҭариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аус шеиҿкаази, аматериалқәа ркьыԥхьра иацу акәамаҵамарақәеи ртәы.
Аҳәынҭқарратә республикатә усбарҭа "Аԥснымедиа" атехникатә менеџьер Аслан Занҭариа аиҿцәажәараҿы еиҭеиҳәеит агазеҭ "Аԥсны" ахатә саит аиура шыҟалаз, аусура дшалагаз, ииԥыло ауадаҩрақәа, архивтә материалқәа рыхкьыԥхьра шцо ртәы.
"Раԥхьатәи амшқәа рзы аусура саналагоз хәыҷык исцәыцәгьан, избанзар шәышықәса зхыҵуа раԥхьатәи агазеҭ "Аԥсны" иамоу аҭоурых здыруеит. Аиашазы, сацәшәеит исылымшоз џьысшьеит, аха иҭзыжьуа ауаа срыдыркылеит ҭаацәак реиԥш. Агәыбылра сыман снеит хәарҭак ҟасҵандаз ҳәа", - азгәеиҭеит Занҭариа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0