Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиеи Леԥсаиаԥҳаи еиҭарҳәеит аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алҵшәақәа ртәы

Қәҭелиеи Леԥсаиаԥҳаи еиҭарҳәеит, аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алҵшәақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аусура хнаркәшеит. Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аматематика арҵаҩы Саманта Леԥсаиаԥҳаи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиеи уи аихшьалақәа ҟарҵеит.
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" апроект хықәкыс иаман аԥышәа, арҵаратә методикақәа, атехнологиақәа, урҭ рхархәара алшарақәа реимдара. Уи иалахәын арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, аметодистцәа.
Даараӡа агәалаҟазаара бзиа сзынажьит ари ашкол ҳәа азгәалҭеит уи алахәыла, аматематика арҵаҩы арадиоефир аҿы.
"Иҳадгалан еиуеиԥшым ҳаамҭа иақәшәоу атехнологиатә маругақәа, урҭ рхархәашьа ҳдырбон. Арҭ рҩызцәа асеминарқәа аҵак ду рымоуп, избанзар аԥышәа ду змоу арҵаҩцәа рԥышәа ҳамардоит", - ҳәа азгәалҭеит Леԥсаиаԥҳа.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, аминистрра ахықәкы нанагӡеит, арҵаҩцәеи аспикерцәеи убысҟак еишьцылеит, аиԥырҵрагьы рцәыуадаҩхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Алекциақәа рҿы ироуз адыррақәа акырӡа ирацәан. Урыстәылатәи ҳколлегацәа ирҳәон, дара иаҳҿырҵаашагьы шыҟаз", - ҳәа иҳәеит Қәҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0