https://sputnik-abkhazia.info/20220820/1041036766.html
Амчи аԥшӡареи анеилаҵәо: зегь реиҳа убла хызкуа Аԥсны аӡхыҽҽақәа
Амчи аԥшӡареи анеилаҵәо: зегь реиҳа убла хызкуа Аԥсны аӡхыҽҽақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽақәа - ареспубликаҿы раԥхьа инаргыланы узҭааша аҭыԥԥшӡарақәа иреиуоуп. 20.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-20T18:30+0300
2022-08-20T18:30+0300
2022-08-20T22:58+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102823/45/1028234540_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_8c459d183101442eaae51fcb1b53dabe.jpg
Аԥснытәи аӡхыҽҽақәа реиҳарак ԥсабарала ишьақәгылаз роуп. Атуристцәа зҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп ауаҩы инапала иҟаиҵаз аӡхыҽҽагьы - Афонҿыцтәи. Уи аԥҵан 1882 шықәса рзы Бырзентәыла Афон ашьхаҿы иҟоу Иԥшьоу Пантелеимон ихьӡ зху аурыс берҭыԥ аберцәа рнапала. Еиуеиԥшым аӡхыҽҽақәа ыҟоуп Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы. Ҷыдала иуҳәозар, Иаӷьатәи аӡхыҽҽа, уи асовет кино аҿгьы иҭырххьеит. Холмси апрофессор Морриартии реисра ароуп иахьҭырхыз.Тҟәарчал араионгьы аӡхыҽҽақәа маҷымкәа иҟоуп. Ара Аԥсны зегь реиҳа иҳараку аӡхыҽҽа Адау леиуеит.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2022
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     фото, афотосахьақәа
Амчи аԥшӡареи анеилаҵәо: зегь реиҳа убла хызкуа Аԥсны аӡхыҽҽақәа
18:30 20.08.2022  (ирҿыцуп: 22:58 20.08.2022) Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽақәа - ареспубликаҿы раԥхьа инаргыланы узҭааша аҭыԥԥшӡарақәа иреиуоуп.
Аԥснытәи аӡхыҽҽақәа реиҳарак ԥсабарала ишьақәгылаз роуп. Атуристцәа зҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп ауаҩы инапала иҟаиҵаз аӡхыҽҽагьы - Афонҿыцтәи. Уи аԥҵан 1882 шықәса рзы Бырзентәыла Афон ашьхаҿы иҟоу Иԥшьоу Пантелеимон ихьӡ зху аурыс берҭыԥ аберцәа рнапала. 
Еиуеиԥшым аӡхыҽҽақәа ыҟоуп Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы. Ҷыдала иуҳәозар, Иаӷьатәи аӡхыҽҽа, уи асовет кино аҿгьы иҭырххьеит. Холмси апрофессор Морриартии реисра ароуп иахьҭырхыз.
Тҟәарчал араионгьы аӡхыҽҽақәа маҷымкәа иҟоуп. Ара Аԥсны зегь реиҳа иҳараку аӡхыҽҽа Адау леиуеит.
Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽа блахкыгақәа хымԥада ирҭаатәуп.
Аԥснытәи аӡхыҽҽақәа реиҳарак ԥсабарала ишьақәгылаз роуп.
Аԥсны зегь реиҳа иҳараку аӡхыҽҽа Адау Тҟәарчал араион аҿы иҟоуп. Уи аҳаракыра шә-метрак иҟоуп.

Афонҿытәи аӡхыҽҽа 8 метрак иҟоуп. Уи аԥҵан 1882 шықәса рзы Бырзентәыла Афон ашьхаҿы иҟоу Иԥшьоу Пантелеимон ихьӡ зху аурыс берҭыԥ аберцәа рнапала.

Ари аӡхыҽҽа Аацы ақыҭан илеиуеит.

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк беиоуп аӡхыҽҽақәа рыла.

Иаӷьатәи аӡхыҽҽа - Холмси апрофессор Морриартии еицырдыруа реисра ароуп иахьҭырхыз. Иара Гагратәи ашьхеибаркыраҿы иҟоуп, аҳаракыра 70 метра раҟара иҟоуп.

Аԥснытәи аӡхыҽҽақәа рыԥшӡара уаршанхоит.

Ари аӡхыҽҽа Тҟәарчал араион аҿы иҟоуп, иахьӡуп Ирина.

Ҵабалтәи аҩхаа Мархьаул ақыҭа иацәыхарамкәа иҟоуп имаҷымкәа аӡхыҽҽақәа.

Шакурантәи аӡхыҽҽа Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу.