https://sputnik-abkhazia.info/20220820/ailakhara-du-youp-gdouati-akhshtyra-aaym-aepidagylazaasha-dakhtsazheit-1041025081.html
"Аилахара ду ыҟоуп": Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым аепидҭагылазаашьа дахцәажәеит
"Аилахара ду ыҟоуп": Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым аепидҭагылазаашьа дахцәажәеит
Sputnik Аҧсны
COVID-19 еиҭа аҽцәырнагеижьҭеи, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәшахьы раԥхьатәи ачымазаҩ днаргеит ԥхынгәы 15 рзы. 20.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-20T10:30+0300
2022-08-20T10:30+0300
2022-08-20T10:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/11/1032036944_0:179:3002:1868_1920x0_80_0_0_93d8a1b97c7340b40c453866cd77a260.jpg
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҿкыратә ҟәшаҿы мызк аҩнуҵҟала акоронавирус змаз 110-ҩык ачымазцәа ацхыраара рырҭахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-ареаниматолог Ангелина Калинина. Лара лажәақәа рыла, макьаназ ачымазара аҽеиҵнахит ҳәа узҳәом, аха ишьҭызкаауа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Мышкы ахы-аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа рыдҵаалоит. Калинина илҳәеит уажәы коронавирус аимҳәа ишеиԥшу. Ачымазцәа ршоура +40 градус рҟынӡа ихалоит, аларҟәрагьы уадаҩуп. Авирус уадаҩрак узцәырнагом, апациент астационар аҿы ҩымш-хымш дынхоит, ишоура тәаанӡа лҳәеит лара. Иҟоу астатистика ала, уахь инеиуа рҟынтәи 70 процент уаанӡа ачымазара рхыргахьан, 50 процент алаҵа ҟарҵахьеит. Аҟаза иазгәалҭеит ахәшәтәырҭаҿы аиҵбыратәи абжьаратәи усзуҩцәа шрызхо, аха аҳақьымцәа шмаҷу, аҷаԥшьаҩцәагьы убрахь иналаҵаны. Аҟәшаҿы аус зуа х-ҳақьымк роуп лҳәеит лара."Ауаа рацәаны иҳадҵаалоит, ҽнак 20-ҩык рҟынӡа ишьҭаҵатәу ҳзаауеит. Урҭ зегьы ирыхәаԥштәуп, рҭыԥ иқәҵатәуп, ахәшәқәа рзыҟаҵатәуп, уи ахьӡара мариам", - лҳәеит лара.Аҳақьым ауаа ирабжьалгоит ршоура рызмыртәозар, рымчқәа каԥсаны иҟазар, рыхлахаҵ гьежьуазар, рԥынҵа еихачызар, рыхәда рыхьуазар, аԥхӡы рацәаны ирылҵуазар, аҳақьымцәа ирыдҵаалаларц. Калинина иара убас ауаа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ачымазара рҽацәырыхьчаларц азы ацқьара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, рнапқәа рыӡәӡәаларц, ауаа рацәаны иахьеизо имнеиларц, асабрадақәа рҿарҵаларц, ичмазаҩу ауаа рааигәара имнеиларц.
https://sputnik-abkhazia.info/20220816/aaym-eialeit-gdouati-akovid-gospital-ay-ishou-achymazara-shyrkhyrgou-aty--1040970179.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/11/1032036944_137:0:2866:2047_1920x0_80_0_0_96c99e03ab34092b96845631458cf3b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
"Аилахара ду ыҟоуп": Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым аепидҭагылазаашьа дахцәажәеит
COVID-19 еиҭа аҽцәырнагеижьҭеи, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәшахьы раԥхьатәи ачымазаҩ днаргеит ԥхынгәы 15 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҿкыратә ҟәшаҿы мызк аҩнуҵҟала акоронавирус змаз 110-ҩык ачымазцәа ацхыраара рырҭахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-ареаниматолог Ангелина Калинина.
Лара лажәақәа рыла, макьаназ ачымазара аҽеиҵнахит ҳәа узҳәом, аха ишьҭызкаауа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Мышкы ахы-аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа рыдҵаалоит.
Калинина илҳәеит уажәы коронавирус аимҳәа ишеиԥшу. Ачымазцәа ршоура +40 градус рҟынӡа ихалоит, аларҟәрагьы уадаҩуп. Авирус уадаҩрак узцәырнагом, апациент астационар аҿы ҩымш-хымш дынхоит, ишоура тәаанӡа лҳәеит лара. Иҟоу астатистика ала, уахь инеиуа рҟынтәи 70 процент уаанӡа ачымазара рхыргахьан, 50 процент алаҵа ҟарҵахьеит.
"Ахәышәтәратә протокол аҽаԥсахит –антибиотикқәа шамахамзар илаҳҩаауам, имаҷуп агормоналтә препаратқәа рхархәарагьы. Аиҳарак акапельницақәа, алаԥсраҿагыларатә хәшәқәа, аинфузиатә терапиа ҳхы иаҳархәоит. Ачымазара шәарҭоуп ахәыҷқәа рзи зықәра дуу рзи. Урҭ рҷаҷа, ршьа-рда, рыхшыбаҩ анырра анаҭар ҟалоит", - лҳәоит Калинина.
Аҟаза иазгәалҭеит ахәшәтәырҭаҿы аиҵбыратәи абжьаратәи усзуҩцәа шрызхо, аха аҳақьымцәа шмаҷу, аҷаԥшьаҩцәагьы убрахь иналаҵаны. Аҟәшаҿы аус зуа х-ҳақьымк роуп лҳәеит лара.
"Ауаа рацәаны иҳадҵаалоит, ҽнак 20-ҩык рҟынӡа ишьҭаҵатәу ҳзаауеит. Урҭ зегьы ирыхәаԥштәуп, рҭыԥ иқәҵатәуп, ахәшәқәа рзыҟаҵатәуп, уи ахьӡара мариам", - лҳәеит лара.
Аҳақьым ауаа ирабжьалгоит ршоура рызмыртәозар, рымчқәа каԥсаны иҟазар, рыхлахаҵ гьежьуазар, рԥынҵа еихачызар, рыхәда рыхьуазар, аԥхӡы рацәаны ирылҵуазар, аҳақьымцәа ирыдҵаалаларц. Калинина иара убас ауаа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ачымазара рҽацәырыхьчаларц азы ацқьара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, рнапқәа рыӡәӡәаларц, ауаа рацәаны иахьеизо имнеиларц, асабрадақәа рҿарҵаларц, ичмазаҩу ауаа рааигәара имнеиларц.