00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
On air
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Тамшьтәи ашкол автобус ҿыц аиҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Автобус, подаренный Тамышской школе
Автобус, подаренный Тамышской школе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Анапаҵаҩра
Тамшьтәи ашкол иҭоуп 80-ҩык аҵаҩцәа, арахь иаауеит Кындыӷ, Лабра, Лашькьындар рҟынҭәи аҵаҩцәагьы.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихаҭа аҵара ахьиҵоз, иҭаацәагьы аус ахьыруаз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ автобус аиҭеит.
Ахада иазгәеиҭеит автобус аахәаны ҳамҭас ишриҭаз абизнесуаҩ, Аԥсны иалҵыз Роберт Татулиан.
"Наҟ-наҟ иҵегьы еиӷьхоит, ари автобус ала абассеин ахь, еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа рахь ижәгалоит. Иахьазы шәара шәоуп зегь реиҳа иԥшӡоу атранспорт змоу", - иҳәеит иара.
Ашкол адиректор Емма Зақараиаԥҳа ари аҩыза аҳамҭазы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
"Аслан Гьаргь-иԥа ибзианы аҵара иҵон, игәы разын, ламыс змаз ҵаҩын. Иара иаб ашкол адиректорс дыҟан, иан дырҵаҩын, аха ус шакәызгьы, иара егьырҭ аҵаҩцәа драҟаран, акала ихы еиҳаны аӡәгьы иирбомызт. Ҳара даара ҳгәы иахәоит иара Аԥсны ахадас дахьыҟоу, иҭабуп ауаа ирҟашәҵо абзиарақәа рзы", - лҳәеит лара.
Атранспорт ацаԥха идыркит автобус арныҟәцаҩ Реваз Хвидиа. Иара иазгәеиҭеит автобус ҿыц ажәытә "пазик" аасҭа акыр шыманшәалоу, 31 ҭыԥ шамоу, уаанӡатәи 23-ҩык ракәын иакуаз.
Тамшьтәи ашкол иҭоуп 80-ҩык аҵаҩцәа, арахь иаауеит Кындыӷ, Лабра, Лашькьындар рҟынҭәи аҵаҩцәагьы. Иара убас автобус рхы иадырхәоит аекскурсиақәеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи рахь аныҟәарақәа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0