Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Лагәлаа ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа рынагӡашьа атәы

Хра злоу ахҭысқәа: Лагәлаа ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа рынагӡашьа атәы
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы 2021 шықәсазы ихацыркыз апроектқәа ирылҵшәахаз иара убас сынтәатәи апрограмма анагӡара шцо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра азиндырҩы Гоча Лагәлаа.
2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаразы хә-хырхарҭак рыла апроектқәа рынагӡаразы 100 миллион мааҭк аԥара азоужьын. Апроектқәа хылаԥшрас ирымоу Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи, сынтәатәи апрограмма хықәкыла иарбан хырхарҭақәоу изызхоу, иахьазы апрограмма анагӡара аус ахьынӡанагоу еиҭеиҳәеит аминистрра азиндырҩы Гоча Лагәлаа.
Лагәлаа иажәақәа рыла, 2021 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма 90% рыла инагӡоуп.
"Инагӡам атәы ҳҳәозар, уи еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьеит. Ақыҭанхамҩа аицлабратә комиссиа иахысыз рзы, амаругақәа раахәараан аҳәаанҭыҵ ахәқәа рҽахьырԥсахыз ыҟоуп, иуадаҩхеит урҭ раагара. Уи нагӡахоит, Ақыҭанхамҩа аминистрра уи хылаԥшра анаҭоит, азакәан аҟны ус иаҳәоит. Аусутә гәыԥқәа ныҟәоит, ҵыԥхтәи апроектқәа аԥара ззоужьыз инагӡоуп ҳәа уҳәартә еиԥш иҟоуп. Очамчыра араион 39 проект 28 миллион мааҭ рыхә нагӡоуп, Гәдоуҭа араион аҟны -18 проект, Гагра араион - 8, Гәылрыԥшь - 12, Аҟәа - 6, Тҟәарчал - 5 проектк", - иҳәеит Лагәлаа.
2022 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма инақәыршәаны: 30 миллион мааҭ азырхоуп абаҳчааӡара; 10 миллион мааҭ – арахәааӡара; 5 миллион мааҭ – аԥсыӡааӡара; 10 миллион мааҭ - аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә культурақәеи ирԥырхагоу ахәаҷақәа рықәхразы; 30 миллион мааҭ – ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусеиҭадуларазы ацех маҷқәа раартра; 5 миллион мааҭк - амашьына-технологиатә станциақәа рыхәҭақәа раахәаразы; 10 миллион мааҭк – амеханизациа маҷ ахархәагақәа раахәаразы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0