Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиеи Џьергьениеи ашәарыцареи абнахылаԥшреи ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиеи Џьергьениеи ашәарыцареи абнахылаԥшреи ирызкны
Анапаҵаҩра
Здырҩатә еиӷьхаша ашәарыцаҩцәа иашақәа раамҭа рышҽазыҟарҵо, ашәарыцара ишазнеиуа, абнахылаԥшыҩцәа аԥсабара хылаԥшра ахьынӡарзаҭо, иақәнагам ҟазҵо рҿаԥхьа ирымчу аефир аҟны иалацәажәеит ашәарыцаҩ Давид Ԥлиеи Риҵатәи Амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгьиз Џьергьениеи.
Ашәарыцара аԥсуа иқьабз аҟны иалкаау аҭыԥ ааннакылоит, акультура ду амоуп. Иахьатәи абџьар рнапахьы иааргаанӡагьы излашәарыцоз ахыци ахәымпали рыла акәын. Шәарыцара ианҭыҵуаз рхаҭа реиԥш рҭаацәагьы рхымҩаԥгашьа иацклаԥшуан. Ашәарыцацәа рымч зқәымхо рымшьыр ахьакәу адагьы, ишьтәугьы рдыруазароуп, убасгьы ирдыруазароуп ашәарах анеишьҭоу, ианеилго ҳәа аамҭақәа.
14 шықәса анихыҵуаз, ашәақь аҭыҳәҭа иҭаҵаны ҳамҭас изырҭаз Давид Ԥлиа иахьа уажәраанӡа ашәарыцара игәы азыбылуеит, уи иацу аҵас, ақьабз анагӡара дашьҭоуп, аҿарацәагьы иԥышәа рымеидоит иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Ашәарыцаратә ҭыԥқәа иҳамоу ԥшь-цәаҳәак ыҟоуп. Актәи – адәы, аҳәысҭа, ачақәа ахьыҟоу; ашьҭахь – аҿаҩа, амшә, абынҳәа, ашьабсҭа ахьылоу; уи ашьҭахь – ацәҳәыра, ақәасаб ахьыҟоу; уи анаҩс – акаҵәара, абӷаџьмаахьыҟоу. Арҭқәа зегьы ҳахьчоит ҳәа ҳалагар, ҳамч шақәымхо иахьа, ҳәарас иаҭахузеи, зегьы ирдыруеит, аха досу абџьар зку икультура, иҩнуҵҟатәи идоуҳа иныҟәнагароуп ҳаԥсҭазаара, уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам. Мамзар зегьы ҳалаԥш рыхганы аԥҟарақәа еилазго, дахьҳархәуеоит ҳәа ҳалагар, ҳамч азхаӡом. Риҵатәи аҳәырԥсарра алшарақәа даҽакуп. Егьи абнара иҳамоу ахьчаразы алшара зынӡа имаҷуп. Ҳәарас иаҭахыи, уа иахьа иҟоу ауаа маҷуп. Издыруада, ҳаԥсҭазаара иҵегьы еиӷьхар, ҳҳәынҭқарра алшарақәа еиҳахар, усҟан уи ахьчара иҵегьы иҭбаахоит", - иҳәеит Ԥлиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны ашәарыцара аамҭа официалла иаартуп нанҳәа 15 инаркны хәажәкыра 15-нӡа. Традициа ҳасабла ачашәарыцарала иалагоит асезон. Аӡәы ҽнактәи ишәырацыратә мшы 20 ача еиҳаны ашьра азин имаӡам.
Ажәабжьқәа зегьы
0