Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа танкистцәа ахԥатәи аекипаж "Атанктә биатлон" аҿы иқәгылеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФорум "Армия-2022". Танковый биатлон
Форум Армия-2022. Танковый биатлон - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 мҩаԥысуеит нанҳәа 13-27 рзы 12 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Зынӡа уи иалахәуп 37 тәыла.
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Аԥсуа танкистцәа ахԥатәи аекипаж АрМИ-2022 "Атанктә биатлон" аҿы иқәгылеит амҽыша нанҳәа 21 азы аԥышәарҭа Алабино аҟны.
Аицлабра иалахәын атанкистцәа: атанк адҵаҟаҵаҩ Армен Ферманиан, ақәкҩы-аоператор Алиас Амаба, амеханик-арныҟәцаҩ Зураб Кәарҷиа. Аԥсуа танкистцәа ирацлабуан Ҭаџьикисҭани Судани ркомандақәа.
Аицлабра алҵшәақәа рыла актәи аҭыԥ ргеит Ҭаџьикисҭан атанкистцәа, дара иреиӷьу аамҭа аадырԥшит 37:10, аҩбатәи аҭыԥ ргеит Аԥсны- 38:45, Судан ахԥатәи – 50:14.
Аицлабра "Атанктә биатлон" аҿы акомандақәа ҩ-дивизионкны еихшоуп. Атәылақәа зегьы злахәу хаҭалатәи аиԥхныҩларақәа рышьҭахь имҩаԥысуеит афиналбжа, уи иақәшәоит иреиӷьу акомандақәа 12, фба-фба дивизионцыԥхьаӡа. "Атанктә биатлон" афинал мҩаԥысуеит нанҳәа 27 рзы, уи иалахәхоит ԥшь-командак.
Аԥсны "Атанктә биатлон" иалахәуп 2020 шықәса раахыс. Раԥхьаӡа ҳаруаа аабатәи аҭыԥ ргеит, 2021 шықәса рзы - афбатәи.
Команда Абхазии на конкурсе Военно-медицинская эстафета - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Аԥсны
Аԥсны арратә медусзуҩцәа АрМИ-2022 иалахәны аицлабра иалагеит
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 аԥснытәи акомандақәа быжьба рылахәуп: "Атанктә биатлон" - Алабино, "Ельбрустәи амацәаз" – Ҟабарда-Балкариа, "Аснаипертә рубеж" - Венесуела, "Иҷыдоу аҵҟьара" - Сергиев Посад, "Арра-медицинатә естафета" - Санкт-Петербург, "Ари акультуреи"; "Амилаҭтә чыс" - Алабино.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылоуп 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа.
Команда из Абхазии в АрМИ - 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аруаа аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" АрМИ-2022 иалахәын
Ажәабжьқәа зегьы
0