Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба ААУ анхарҭатә ҭыԥ аҿы инхо астудентцәа рзы: уреигәырӷьартә иҟоуп

Амҷба ААУ анхарҭатә ҭыԥ аҿы инхо астудентцәа рзы: уреигәырӷьартә иҟоуп
Анапаҵаҩра
ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит астудентцәа рыдкылара апроцесс шеиҿкаау, иазхома аҭыԥқәа, насгьы азеиԥшнхарҭа аартуижьҭеи иагу ыҟоума.
Ҳазҭагыло амаҭазы иҩналараны иҟоу иааины игәарҭоит анхарҭа, рҭаацәеи дареи иадҵаалоит, нас иаҭаху ашәҟәқәа раҳҳәоит иҳәеит аиҿцәажәараҿы Амҷба.
"Анхарҭа ахаҭа еиқәшәоуп, апроблема ҳәа акгьы ҳамаӡам. Ара аҵара зҵоны инхоз, иалганы, Аҟәа аусурҭатә ҭыԥ зыԥшааз анаангылогьы ыҟоуп. Аӡыхьшәашәа, аӡыршы ыҟоуп, алашара аганахьала ауадаҩра ҟалар агенератор аус ауеит. Аинтернет рымоуп, аԥхьарҭатә зал ыҟоуп, абаҩрҵәыра рҽахьазыҟарҵаша ыҟоуп. 24 сааҭ ара аӡә дыҟоуп, изыхьчо, еилзырго. Хәышықәса ҳарҭоуп анхарҭа аартуижьҭеи, макьана иаҳа-иаҳа ак ацҳамҵозар, ак бжьысны, еилаҳаны, ибганы ыҟаӡам. Иааиуа ахәыҷқәа уреигәырӷьартә иҟоуп, рхымҩаԥгашьоума, рҵароума, уи умбар ауӡом, иахьеи уахеи ара ҳрылагылоуп. Аҭыԥқәа ҳамоуп, еиҭа ахәыҷқәа ҳадаҳкылартә еиԥш", - иҳәеит аиҿцәажәараҿы Амҷба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0