Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашколхәыҷқәа Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол Жәларбжьаратәи аолимпиада иалахәхар рылшоит

© Foto / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДистанционное обучение школьников
Дистанционное обучение школьников - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2022
Анапаҵаҩра
Аолимпиадаҿ иаиааиуа ироуеит алшара хәыда-ԥсада Амилаҭтә ҭҵааратә университет "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" аҿы аҵараҵара.
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол Жәларбжьаратәи аолимпиада аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, Москва Аҩны аҟны нанҳәа 23 азы.
Аолимпиада хә-блоккны имҩаԥгахоит: атехникатә, азеиԥшуаажәларратә ҭҵаарадыррақәа, аполитикеи азини, акоммуникациақәеи арҿиареи. Анаҩс дара 16 хырхарҭа рыла еихшахоит.
"10-11 аклассқәа рҿы итәо, аолимпиада иалахәу ахәыҷқәа ирылшоит хә-хырхарҭак рҟынӡа алыркаар" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҵаратә усҳәарҭа аҿар аус рыдуларазы анапхгараҭаратә менеџьер Викториа Решетникова.
Аԥснытәи ахәыҷқәа ирылшоит мрагылараҭҵаара, аҭоурых, аматематика рхы рыладырхәыр, еиҳа ирҭаху алыркаар.
"Аолимпиада апрофориентациатә аспект алкаареиԥш иунаҭоит ауниверситет аҿы хәыда-ԥсада аҵараҵара. Аолимпиада аҳәаанырцәтә тәылауаҩра змоу аҿар ирзырхоуп. Убри азоуп ҳара Аԥснытәи ашколхәыҷқәа алахәхарц ааԥхьара зраҳҭаз. Дара ироуеит алшара рылҵшәақәа ԥхынҷкәынмзазы еилкааны Урыстәыла аҵара рҵаларц", - лҳәеит аҵаратә усҳәарҭа аҿар аус рыдуларазы анапхгараҭаратә менеџьер Викториа Решетникова.
Лара иазгәалҭеит аолимпиада аӡыргара шымҩаԥысыз Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол аԥснытәи аклуб адгыларала.
Глава МИД Абхазии Инал Ардзинба встретился с ректором Национального исследовательского университета Высшая школа экономики Никитой Анисимовым в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Аԥсны
Арӡынба Аекономика иреиҳаӡоу ашкол аҿы арҵаратә проектқәа рзы аиқәшаҳаҭра мҩаԥигеит
"Аԥснытәи ҳара ҳҿы аҵара зҵо аҿар бзиа ыҟоуп. Урҭ ауниверситет, аолимпиада ирылацәажәоит. Аолимпиада ахаҭа 2022 шықәса жьҭаара 20-30 рыҩныҵҟа имҩаԥысуеит. Иара латәарадеи латәаралеи алахәхара ауеит", - азгәалҭеит Решетникова.
Викториа Решетникова лажәақәа рыла, аолимпиада алахәылацәа реиҳараҩык иалырхит онлаин формат.
"Аолимпиада – аҿар рҟыбаҩ аарԥшра иазырхоуп. Асеиԥш иҟоу апроектқәа рацәаӡам. Аолимпиада алахәхараан еиҳа ирзааигәоу, еиҳа ирҭаху еилыркаартә иҟаоит. Аҭаацәа рзгьы ари насыԥуп – рхәыҷқәа аԥсҭазаараҿ рхы зқәыркуа ахьеилыркаауаз" ҳәа лҳәеит лара.
Здание Национального исследовательского университета Высшая школа экономики на Мясницкой улице в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абитуриент ицхрааит урыстәылатәи аҵараиурҭа аҭалараҿы
Аолимпиадаҿ иаиааиуа ироуеит алшара хәыда-ԥсада Амилаҭтә ҭҵааратә университет "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" аҿы аҵараҵара. Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа нызкыло ирыҭахоит 75% аҵаратә хәыԥса шьақәзыртәо агрантқәа.
2023 шықәсазтәи Жәларбжьаратәи аолимпиада алахәахразы онлаин-ҭаҩра иахыстәуп 2022 шықәса ҟәыббра 01 - 30 рзы. Азыҳәа анашьҭразы аҭаҩратә форма ахарҭәаара адагьы алахәра зуҭаххаз азы ашәҟәы нашьҭтәуп.
Еиҳа инарҭбаау аинформациа Жәларбжьаратәи аолимпиада асаит аҿы икьыԥхьхоит: https://olymp.hse.ru/inter/, иара убасгьы аолимпиада асоциалтә ҳақәа рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0