Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны даҭааит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2022
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵарамзазы. Аҟәеи Дамаски адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад официалла Аԥсны даҭааит, абри атәы аанацҳауеит ААР амедиацентр.
Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы асасцәа дырԥылеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынба.

"Ҳаԥсадгьыл аҟны бзиала уаабеит ҳәа иаҳҳәоит шьамтәылатәи ҳқоллега. Ари кыр зҵазкуа хҭысуп ҳара ҳзы. Раԥхьаӡа акәны Шьамтәылантәи Аԥсны даҭааит зыҩаӡара ҳараку аҳәынҭқарратә усзуҩ", - иҳәеит Арӡынба.

Аԥшьашаҽны Арӡынбеи Микдади Аҟәа рнапы аҵарҩраны иҟоуп Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аполитикатә еиҿцәажәарақәа рзы Амеморандум. Атәыла аминистр иажәақәа рыла, ашәҟәы анапы аҵаҩра Иааигәоу Мрагылара ахырхарҭахь аусура аизырҳара иазырхоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0