00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷԥҳа Берлин Аԥсны аӡыргаразы: аполитика аганахьала ианыуадаҩу, иҟоуп егьырҭ амҩақәа

Амҷыԥҳа Берлин Аԥсны аӡыргаразы: аполитика аганахьала ианыуадаҩу, иҟоуп егьырҭ амҩақәа
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭаранак Хьыбла Амҷыԥҳа Sputnik арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аӡыргаразы ацәыргақәҵа Берлин ишымҩаԥысызи, ҳтәылахь иаарԥшыз азҿлымҳареи ртәы.
Берлин иҟоу Аԥсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке, асааҭқәа рҭыжьратә фирма "Асканиа" имҩаԥнагаз ахәылԥаз аан Аԥсны ӡыригеит.
Хынтәуп "Аскани" афирма имҩаԥнаго ахәылԥазқәа Аԥсны рылахәиужьҭеи, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Амҷԥҳа.
"Ахәылԥаз иалахәын аекономика знапы алаку ауаа. Анемец, англыз бызшәала иҟоу Аԥсны иазку абуклетқәа даара аинтерес аарԥшны ирыԥхьон. Акырӡа аҵанакуеит уа иҟаз асасцәа Аԥсны абара ахьырҭаххаз, аекономикатә еимадарақәа рыбжьараҵаразы азҵаарақәа рҭиуан", - еиҭалҳәеит Амҷԥҳа.
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭаранак илҳәеит, егьырҭ Германиа иҟоу еиуеиԥшым еицырдыруа афирмақәа имҩаԥырго аӡыргарақәа рҿы рхы шрыладырхуа.
"Иахьала ҳахьыҟоу атәылаҿы, иара убас егьырҭ Европа атәылақәа рҿы ак амҩаԥгара ҩынтәны-хынтәны иуадаҩуп. Ақәыӷәӷәара рацәоуп. Хаҭала иалахәугьы ақәыӷәӷәара анаҳзыҟарҵо ыҟоуп. Даара аҵак ду амоуп иахьа ҳара ҳреспублика аӡбахә анагара. Абас еиԥш иҟоу амҩақәа рыла еиҳагьы аинтерес рызцәырнагоит. Аполитика аганахьала ианыуадаҩу Аԥсны аӡбахә аҳәара, иҟоуп альтернативатә мҩақәа", - лҳәеит Амҷԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0