Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ажьиԥҳа Шлыпра аԥсшьараамҭазы: иааиуа зегьы ргәы иахәоит, ҳаргьы ҳаҩуа ҳрышьҭоуп

Ажьиԥҳа Шлыпра аԥсшьараамҭазы: иааиуа зегьы ргәы иаахәоит, ҳаргьы ҳаҩуа ҳрышьҭоуп
Анапаҵаҩра
Мысра амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаау аҭыԥ "Шлыпра" аҭаацәаратә бизнес ахаҭарнак Шьаризан Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы иаԥҵоу аҭагылазаашьа атәы, насгьы ауаа рыфатә рыманы рыдкылара мап зацәыркыз.
Ҵыԥхтәи асезон азы ауаа еиҳа ирацәаны иҳаман, сынтәа амш иахҟьаны урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ажьиԥҳа.
"Сынтәа асезон алагамҭаз амш иаҳнамҭаӡеит ишаҳҭахыз еиԥшҵәҟьа аусура, аха аԥсшьаҩцәа ҳамоуп. Иааиуа зегьы ргәы иахәоит, ҳаргьы иҳалшо ала ҳаҩуа ҳрышьҭоуп. Иҟоуп мызкы-ҩымз ҳәа иаҳзаауа, урҭ амшын аҟәараҿы ақәацә хәыҷқәа ргыланы иаангылоит. Аӡыршы, аӡыхьшәашәа ҳамоуп, аҭелтә еимадареи аинтернети ыҟоуп, ишахәҭоу ала хылаԥшра раҳҭоит", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Шьаризан иара убасгьы еиҭалҳәеит асасцәа ирыдыргало афатә атәы, уи аан аалыҵ ахьынтәиаарго, насгьы илҳәеит аҭаацәаратә бизнес аныҟәгара аҷыдарақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0