Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡҭалара аԥҟарақәа еилазго ауаа ахараԥса ддыршәалоит Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Жаркое лето 2022 года
Жаркое лето 2022 года  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2022
Анапаҵаҩра
Аӡаҿы ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа еилазгаз ахазхаҿы 600 инаркны 1000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса ашәара иқәшәоит.
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аӡҭалара аԥҟарақәа еилазго ауаа ахараԥса ддыршәалоит Аԥсны ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгьиз Сабуа.
Аӡаҿы ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа еилазгаз ахазхаҿы 600 инаркны 1000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса ашәара иқәшәоит. Еиҳарак ари аԥҟара еиларгоит аӷәы иақәтәаны амшын ихыло (асапсиорферцәа), иара убас аӡҳәаарбагақәа (урысшә. - "буйки") ирхысны ицо ауаа.
Амшын иаго ауаа реиқәырхаразы АҶА аусзуҩцәа ашхәақәа ирықәтәаны хара ахылара рықәшәоит.
"Аӡәырҩы ргәы иаанагоит ибзианы аӡсашьа рдыруашәа, акгьы рыхьыр алшом ҳәа. Аха ихараны амшын ианхыло, шьҭахьла ахынҳәра рцәыцәгьахоит. Асап-сиорфқәа ирықәтәаны амшын агәахьы 500 метра еиҳаны ицоит. Уа еиуеиԥшым аӡымҩасрақәа ыҟоуп, урҭ рымшала шьҭахьҟа аҟәарахьы ахынҳәра рылшом. Анаҩс ҳара аҭел иаҳзасуеит, ҳаргьы зышәагаа маҷу аӷбақәа рыла реиқәырхаразы ҳцоит", - иҳәеит Сабуа.
Установка ограничительных буйов - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2022
Аԥсны
АҶА аусзуҩцәа Агәыӡера амшын иаанахәаз ҩыџьа аԥсшьацәа еиқәдырхеит
Ахараԥсақәа аларгалоит иара убас аплиажқәа аӡҭаларатә сезон иахьазыҟаҵам азы. Уи азы идыршәахоит 9 нызқь инаркны 12 нызқь мааҭ рҟынӡа.
"Есышықәса ҳара ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа аԥҟарақәа рзынаҳашьҭуеит аплиажқәа разыҟаҵара шаҭаху азы. Аха еснагь иҳаҳац ҳаҳауеит: арҭ аҽазыҟаҵарақәа рзы абиуџьет аԥара ҳзалам ҳәа. Ари азҵаара аӡбаразы ҳара ахараԥсақәа алаагаларц ҳаӡбеит. Агәыӷра сымоуп арҭ ашьаҿақәа ирыбзоураны аҭыԥқәа рҿы еиҳа еиӷьны рҽазыҟарҵало иалагап ҳәа", - иҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы.
Аӡаҿы ауаа рыхьчара аусхк аҟны аилагарақәа ирызку азакәанԥҵаратә актқәа Апарламент аҿы ирыдыркылахьеит, атәыла ахада инапы рыҵаиҩхьеит. Урҭ амч роуит ҳәа уҳәартә иҟоуп.
Ҭенгьиз Сабуа иазгәеиҭеит ахараԥсақәа ралагалара баша аԥареизгара акәым иаанаго, урҭ хықәкыс ирымоуп ауаа аԥҟарақәа ирықәныҟәартә рыҟаҵара. Убри аан аилагара ҟазҵаз мызкы иалагӡаны ахараԥса имшәар, аус аӡбаратә усеилыргаҩцәа ирырҭоит.
Синоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА: атәыла аплиажқәа реиҳарак амшынҭалара аамҭа иазыҟаҵам
Ажәабжьқәа зегьы
0