00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Ақәаршҩы ӷәӷәа ахҟьаԥҟьа аҳҭнықалақь аҿы: аиҿцәажәара
13:19
4 мин
Аиҿцәажәара
Асоциалтә проектқәа рҟазарҭа аусура хацнаркит Аҟәа: Аволонтиортә центр аиҳабы лцәажәара
13:23
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсуа драматә театр 95 -тәи сезон: аихшьаалақәа адиректор лыҿцәажәараҿы
13:45
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Акультуратә музыкатә фестиваль: Аҟәа иқәгылоит аԥсуа-аурыс шәаҳәаҩцәа
13:48
4 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Кругом вода: как Гулрыпш справился со стихией
14:44
4 мин
On air
14:47
1 мин
Такие обстоятельства
Древний город под водой: установлен возраст затонувшей крепости в Сухумской бухте
14:49
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аб Никита еиҭеиҳәеит Нанҳәазы аишәаргылара дшазыҟоу

Аб Никита еиҭеиҳәеит Нанҳәазы аишәаргылара дшазыҟоу
Анапаҵаҩра
Аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Нанҳәа аҽны аишәаргылара дшазыҟоуи, аныҳәа аҵаки, уи аан ахымҩаԥгашьеи ртәы дырзааҭгылеит.
Нанҳәа 28 аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара амш.
"Ацқьа Мариа дымԥсӡеит уҳәар ҟалоит, лылацәақәа еиқәылԥсеит наунагӡа жәҩангәашәԥхьара дцарц. Нанҳәазы иргәаладыршәоит Анцәа иан лцәагьы-лыжьгьы жәҩангәашәԥхьара ишгаз, лара адунеи зегьы иқәынхо дрануп ҳәа иԥхьаӡоуп… Исгәалашәоит, саныхәыҷыз сан ари аҽны аишәа лыргылон, хаз ҷыдала ларгьы (Анан Мариа-азгәаҭа) лхәы ықәлыргылон. Аԥсуаа иҟарҵо аҵакы амоуп, ақьырсиан динхаҵара иадҳәалоу инҭырфаҷааны, инҭырҳәацааны амала ирыздырӡом ҵаҵӷәыс иамоу, иахьынтәиааз. Иаса Қьырсагьы аџьар данкыдырҵа, жәҩангәашәԥхьара данхала, иҵаҩцәа акрыфара иантәа, Қьырса изгьы ачаса ықәырҵеит… Сгәаанагарала, издыруа, исаҳахьоу ала ари аҽны аишәа ургылеит ҳәа акгьы амаӡам… Аԥсуаа ҳҟны асакәмал ахҵара, акәиц ацәашьы ақәҵара аҵак ду амоуп. Ииашаҵәҟьаны Ҳазшаз игәаԥхоит ҳәа сыԥхьаӡоит, избанзар Ҳазшаз аџьшьара ирҭоит, иҭабуп ҳәа иарҳәоит, имҵахырхәоит, иҳәоит. Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара, аамҭалатәи лыдунеи аԥсахра ауп, ахымш рзы лцәагьы-лыжьгьы ыҟамкәа жәҩангәашәԥхьара ихалоит. Ауахәамаҟны ауаа неиуеит, ацәацқьа иалху ацәашьқәа рбылуеит. Ацәашьы лаша-лашауа ибылуеит. Убас дыҟазароуп ақьырсиангьы: ҳхазы адәы ҳақәымзароуп, ҳҩызцәа, ҳауацәа, ҳҭахцәа рзы ҳаҟазароуп. Цхыраарала, бзиабарала ҳҩыза ҳихәо ҳаҟазароуп", - иҳәеит аиереи Никита.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0