https://sputnik-abkhazia.info/20220828/arytsara-iaamoup-nana-aamaa-ala-aylara-1041191503.html
Аҽрыцқьара иаамҭоуп: Нанҳәа аҿамаҿа ала аԥылара
Аҽрыцқьара иаамҭоуп: Нанҳәа аҿамаҿа ала аԥылара
Sputnik Аҧсны
Уаҵәы нанҳәа ныҳәан уахеиԥш аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәа ааира аламҭалазтәи ақьабзқәа ртәы далацәажәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә... 28.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-28T11:09+0300
2022-08-28T11:09+0300
2022-08-28T11:39+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102778/07/1027780706_0:156:3091:1894_1920x0_80_0_0_6e3d3ee3502b2f7818d0893bcc5a3e08.jpg
Абар аԥхын ахыркәшарахь иааскьеит, иааиуеит ҭагалан. Уажәааны иҟалаша ашәырқәа зегь ҟалахьеит: алаҳа, ажь, аҳа, аҵәа; аҵиаахкқәа – аҵыҵындра, ашьынка, акарпыжә. Аҭагаларахь имнаскьацзаргьы, агьама убаратәы иҟалахьеит аџьықәреи, иҭарҭәахьеит аҩ-ҿа, изхылҵыз амаҷар… Абарҭ аҿамаҿа зегьы неидкыланы Нанҳәазтәи – "Анан лныҳәара" иазку аишәа дырхиоит. Ари аныҳәамш, егьырҭ атрадициатә ныҳәарақәа (иаҳҳәап: хәажәкыра, жәабран, амшаԥы) реиԥш аҽеиҭанакӡом. Рыцхәла уи еснагь нанҳәамза 28 иақәшәоит. Араҟа рышьаҭақәа еилалоит ақьырсиантә динхаҵареи ақьырсанра ҟалаанӡа аҳра зуаз аԥсуаа рмырҭаҭратә дунеихәаԥшреи. Иалкаатәуп, ари аныҳәамш абжьыуаа рҿы шамаха зегьы иазгәарҭозар, бзыԥаа рганахь ақьырсианцәа роуп иазгәазҭо, аԥсылманцәа "Анан лымш" ршьаӡом.Абжьыуаа рҿы аныҳәа алагоит нанҳәа 27 ауха инаркны. Ари аухазы "зыҭра иҭыҵыз аҩсҭаацәа рбылуеит". Зынӡа иԥшқацәоу рхахәы ашьҭахь ацәа (ацәашьы) хәыҷык ыларкәымпылны иҟарҵоит, аԥшқа алаԥш акра иаҳа дазгагоуп азы, аҩысҭаа дичымчарц азы ус еиԥш ҟазҵо ыҟоуп иахьагьы. Еиҳа ихбыџқәоу ракәзар, "абарбанџьиа" иахыԥан раҩсҭаа дырбылуеит. Хаҭала схәыҷра аҟынтәи исгәалашәоит, Тҟәарчал, зеиԥш мца дууқәаз еиқәаҳҵоз аҩсҭаа даҳблырц азы. Ахәыҷқәа ҳзы ари бзиа иаҳбоз хәмарран. Адәашҭақәа рыла ҳаисон реиҳа зымца духо ҳәа, ахыԥара акәзар, хынтә аҿгьы ҳаангыломызт. Аритуалтә хәҭа ҳҭаацәа ҳареи ианеицымҩаԥаҳгалак ашьҭахь, ҳара ҵхагәанынӡа ҳаидыҵуамызт, ҳамца есааира иҳаракны еибаҳаркуан, реиҳа иҳаракны иԥо ҳәа ҳԥибашәон. Иҳәатәума, уи аухаз ҳаиқәаҵәаӡа, аҷышә ҳаганы ҳаҩны ҳашкылсуаз… Амца зҳаркуаз арезинақәа ирыбзоураны аҳәазақәагьы ҳдәашҭа ааигәасигәа имааиуа иҟалон (аԥхын, ишдыру еиԥш, аҳәазақәа ирсакьаҳәымҭоуп, ас еиҧш иҟоу ахьубылуа афҩы акраамҭа урҭ уахь инанашьҭӡом ҳәа иԥхьаӡоуп).Есышықәсеиԥш сынтәагьы, схәыҷра ахьиасыз Тҟәарчал, "абарбанџьиа" ҟарҵоит адәашҭақәа рҿы. Амала уажәы уи мҩаԥызго еиҳа имаҷхеит, аицлабратә ҟазшьагьы амам, аритуал ахаҭа аамҭа азыԥҵәоуп. Амца лассы изкуа афархьи ашьаци рыла амца неиқәҵаны, аџьыкхыш рхы иакәыхшаны, амца иақәыԥсаны иахыԥоит анкьеиԥш иахьагьы. Иҟалап уажәтәи аҿар рзы ари игәырӷьахәу аамҭагаганы иахьыҟам азы акәзар аамҭагьы зақәыдмырӡуа, сара сықәлацәа ракәзар, ари амш анбааиуа ҳәа ҳазыԥшын, хаха-хымш шагызгьы амца злеиқәаҳҵашаз аидкылара ҳалагон, нас иара амш аниаслак ашьҭахьгьы, даҽа хаха-хымш иаҳҳәашаз ҳаман…Абас ала Нанҳәа аухазы адунеи аҩсҭаацәа рҟынтәи идрыцқьоит. Ашарԥазы ҩнаҭацыҧхьаӡа аԥшәма еиҳабы днагыланы, ишаԥу еиԥш, ритуалла иҿы-инапы ӡык нақәҭәаны, мрагыларахь ихы нарханы дныҳәоит: "Анцәа улԥха ҳаҭ!.." ҳәа. Аԥшәмаԥҳәыс аҿамаҿала аишәа лырхиоит, рбаӷь ҿак, ма кәыт-ҿакгьы лшьуеит, абысҭа, аилаџь, ачашә, аҿамаҿа ықәылҵоит. Шьыбжь ааиаанӡа акака ныхҭәаланы, зегьы ргьама хәыҷык-хәыҷык рбоит, иназыԥшуеит. Уи аритуал ашьҭах аҭаацха еиқәгәырӷьо, аҿамаҿа иақәныҳәо инеидтәалоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20190827/barbanjia-azyryura-anasyp-apshra-nanhua-alamtalazti-akiabzkua-1024823370.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230828/nana-asua-atradiciat-nyaraa-ireiuoup-ayrsianra-iadalaam-1019397494.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190828/liaa-Nana-aisha-argylaraan-afat-agama-anubo-azy-aivgaraa-youp--1028289636.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102778/07/1027780706_179:0:2910:2048_1920x0_80_0_0_ccf43b16046019f2f2e8766d5df258da.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Аҽрыцқьара иаамҭоуп: Нанҳәа аҿамаҿа ала аԥылара
11:09 28.08.2022 (ирҿыцуп: 11:39 28.08.2022) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Уаҵәы нанҳәа ныҳәан уахеиԥш аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәа ааира аламҭалазтәи ақьабзқәа ртәы далацәажәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Абар аԥхын ахыркәшарахь иааскьеит, иааиуеит ҭагалан. Уажәааны иҟалаша ашәырқәа зегь ҟалахьеит: алаҳа, ажь, аҳа, аҵәа; аҵиаахкқәа – аҵыҵындра, ашьынка, акарпыжә. Аҭагаларахь имнаскьацзаргьы, агьама убаратәы иҟалахьеит аџьықәреи, иҭарҭәахьеит аҩ-ҿа, изхылҵыз амаҷар… Абарҭ аҿамаҿа зегьы неидкыланы Нанҳәазтәи – "Анан лныҳәара" иазку аишәа дырхиоит. Ари аныҳәамш, егьырҭ атрадициатә ныҳәарақәа (иаҳҳәап: хәажәкыра, жәабран, амшаԥы) реиԥш аҽеиҭанакӡом. Рыцхәла уи еснагь нанҳәамза 28 иақәшәоит. Араҟа рышьаҭақәа еилалоит ақьырсиантә динхаҵареи ақьырсанра ҟалаанӡа аҳра зуаз аԥсуаа рмырҭаҭратә дунеихәаԥшреи. Иалкаатәуп, ари аныҳәамш абжьыуаа рҿы шамаха зегьы иазгәарҭозар, бзыԥаа рганахь ақьырсианцәа роуп иазгәазҭо, аԥсылманцәа "Анан лымш" ршьаӡом.
Абжьыуаа рҿы аныҳәа алагоит нанҳәа 27 ауха инаркны. Ари аухазы "зыҭра иҭыҵыз аҩсҭаацәа рбылуеит". Зынӡа иԥшқацәоу рхахәы ашьҭахь ацәа (ацәашьы) хәыҷык ыларкәымпылны иҟарҵоит, аԥшқа алаԥш акра иаҳа дазгагоуп азы, аҩысҭаа дичымчарц азы ус еиԥш ҟазҵо ыҟоуп иахьагьы. Еиҳа ихбыџқәоу ракәзар, "абарбанџьиа" иахыԥан раҩсҭаа дырбылуеит.
"Барбанџьиа" ҳәа изышьҭоу мҩаԥызго аиҳарак аҿар роуп, зымцеибаркра мариоу аҭырас, аҭәа рыла амца ҟарҵоит. Амца акыр иҳаракны ишьҭырхуеит, аҿҿа-ҿҿаҳәа абжьы рго. Ахәыҷқәагьы адуцәагьы рхы аџьыкхыш хынтә инакәыхшаны, уи амца инақәыԥсаны, хынтә наҟ-ааҟ инахыԥоит, аҷҷа-ҷҷаҳәа аҩсҭаа дбылны.
Хаҭала схәыҷра аҟынтәи исгәалашәоит, Тҟәарчал, зеиԥш мца дууқәаз еиқәаҳҵоз аҩсҭаа даҳблырц азы. Ахәыҷқәа ҳзы ари бзиа иаҳбоз хәмарран. Адәашҭақәа рыла ҳаисон реиҳа зымца духо ҳәа, ахыԥара акәзар, хынтә аҿгьы ҳаангыломызт. Аритуалтә хәҭа ҳҭаацәа ҳареи ианеицымҩаԥаҳгалак ашьҭахь, ҳара ҵхагәанынӡа ҳаидыҵуамызт, ҳамца есааира иҳаракны еибаҳаркуан, реиҳа иҳаракны иԥо ҳәа ҳԥибашәон. Иҳәатәума, уи аухаз ҳаиқәаҵәаӡа, аҷышә ҳаганы ҳаҩны ҳашкылсуаз… Амца зҳаркуаз арезинақәа ирыбзоураны аҳәазақәагьы ҳдәашҭа ааигәасигәа имааиуа иҟалон (аԥхын, ишдыру еиԥш, аҳәазақәа ирсакьаҳәымҭоуп, ас еиҧш иҟоу ахьубылуа афҩы акраамҭа урҭ уахь инанашьҭӡом ҳәа иԥхьаӡоуп).
Есышықәсеиԥш сынтәагьы, схәыҷра ахьиасыз Тҟәарчал, "абарбанџьиа" ҟарҵоит адәашҭақәа рҿы. Амала уажәы уи мҩаԥызго еиҳа имаҷхеит, аицлабратә ҟазшьагьы амам, аритуал ахаҭа аамҭа азыԥҵәоуп. Амца лассы изкуа афархьи ашьаци рыла амца неиқәҵаны, аџьыкхыш рхы иакәыхшаны, амца иақәыԥсаны иахыԥоит анкьеиԥш иахьагьы.

Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз

Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз

Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз
Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз
Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз
Тҟәарчал "абарбанџьиа" шымҩаԥыргаз
Иҟалап уажәтәи аҿар рзы ари игәырӷьахәу аамҭагаганы иахьыҟам азы акәзар аамҭагьы зақәыдмырӡуа, сара сықәлацәа ракәзар, ари амш анбааиуа ҳәа ҳазыԥшын, хаха-хымш шагызгьы амца злеиқәаҳҵашаз аидкылара ҳалагон, нас иара амш аниаслак ашьҭахьгьы, даҽа хаха-хымш иаҳҳәашаз ҳаман…
Абас ала Нанҳәа аухазы адунеи аҩсҭаацәа рҟынтәи идрыцқьоит. Ашарԥазы ҩнаҭацыҧхьаӡа аԥшәма еиҳабы днагыланы, ишаԥу еиԥш, ритуалла иҿы-инапы ӡык нақәҭәаны, мрагыларахь ихы нарханы дныҳәоит: "Анцәа улԥха ҳаҭ!.." ҳәа. Аԥшәмаԥҳәыс аҿамаҿала аишәа лырхиоит, рбаӷь ҿак, ма кәыт-ҿакгьы лшьуеит, абысҭа, аилаџь, ачашә, аҿамаҿа ықәылҵоит. Шьыбжь ааиаанӡа акака ныхҭәаланы, зегьы ргьама хәыҷык-хәыҷык рбоит, иназыԥшуеит. Уи аритуал ашьҭах аҭаацха еиқәгәырӷьо, аҿамаҿа иақәныҳәо инеидтәалоит.