Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кархалаа Уарчатәи ашкол аҭагылазаашьазы: угәы унархьыртә иҟоуп

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кархалаа Уарчатәи ашкол аҵарашықәс иахьынӡазхиоу атәы
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Уарчатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Омар Кархалаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашкол иаҭагылазаашьоу, аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазхиоу атәы.
Уарчатәи абжьаратә школ адәахьала уахьахәаԥшуагьы угәы унархьыртә иҟоуп аҭагылазаашьа, Аԥсны аибашьра еилгеижьҭеи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥымсыцт иҳәеит аефир аҟны ашкол анапхгаҩы Кархалаа.
"Акапиталтә ремонт ҳәа изышьҭоу ахыбраҟны имҩаԥгаӡам. Ахыб аҭагылазаашьагьы даара иҽеиӡам, ақәа ӷәӷәаны ианлеиуа џьара-џьара иоунашьҭуеит, адәахьтәи аҭагылазаашьа акәзар, аҭыӡқәа ақәа ибжьнаххьеит, акыдыбгара иахьаҿу ыҟоуп. Дырмит Гәлиа дуӡӡа дахьиз ақыҭаҿы игылоу ашкол аҭагылазаашьа, аҭеиҭԥш иҵегьы еиӷьындаз, еиҳаны аҭагылазаашьа амандаз ҳәа ауаҩы игәы иаҳәаратә иҟоуп, аха иахьазы абас ауп ишыҟоу. Ҵыԥх алагарҭатә класс инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа, ахәыҷқәа 115-ҩык аҵара рҵон. Ажәабатәи акласс ҵыԥх иҳамаӡамызт, убри аҟынтә сынтәа ажәеизатәи ҳамам", - иҳәеит Кархалаа.
Сынтәа Уарчатәи ашкол актәи акласс ахь ршьаҿа еихыргоит 9-ҩык ахәыҷқәа.
Уарчатәи ашкол анапхгаҩы убасгьы еиҭеиҳәеит уи Дырмит Гәлиа ихьӡ ахҵара ахәҭаны ишырԥхьаӡо ақыҭаҟны инхо.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0