Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" афиналистцәа алкаауп

© SputnikКонкурс молодых лидеров "Гордость Абхазии"
Конкурс молодых лидеров Гордость Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2022
Анапаҵаҩра
"Аԥсны агәадура" - жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны аинтересқәа рыхьчара зылшо, абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи хықәкыс иамоуп. Раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2020 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" афиналистцәа жәеизаҩык алкаауп, абри атәы лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аиндаҭлара аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Милана Ҳашԥҳа.
Новый конкурс Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Аԥсны
Аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" актәи аетап хыркәшоуп
"Аетапқәа ҩба реихшьаалақәа рыла икьыԥхьуп аконкурсантцәа рреитинг. Ахԥатәи аетап мҩаԥгахоит цәыббра 6 азы Аԥсны ААР амедиа-центр аҿы. Афиналистцәа рыпроектқәа ӡырыргоит, урҭ реихшьаалала аицлабратә комиссиа абаллқәа ықәдыргылоит", - лҳәеит лара.
Афинал ахь инеиз ириеуоуп: Баграт Ломиа, Алина Шамԥҳа, Валери Џьынџьал, Руслана Гергедаа, Лев Буава, Лиана Векуаԥҳа, Салима Ӡиӡариаԥҳа, Анна Голанӡиаԥҳа, Милана Шариаԥҳа, Анри Начҟьебиа, Инал Инапҳа.
"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.
Ҳтәылаҟны раԥхьаӡа аицлабра "Аԥсны агәадура" мҩаԥган 2020 шықәсазы. Усҟан аицлабра алахәхаразы 150 рзаҳал нашьҭын. Иалкаан хәҩык. Урҭ анаҩс Урыстәыла рҟазара ацҵареи рԥышәа аизырҳареи рзы алшара рыҭахоит. Иара убасгьы ԥхьаҟазы аусурҭа ҭыԥқәа роура алыршахоит.
Аицлабра есышықәса амҩаԥгара шазыԥхьагәаҭазгьы 2021 шықәсазы акоронавирус иахҟьаны имҩаԥгамызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0