Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ранацәа дырԥылеит

© Foto / официальный сайт Президента РА Президент Аслан Бжания встретился с представителями Движения "Матери Абхазии за мир и социальную справедливость"
Президент Аслан Бжания встретился с представителями Движения Матери Абхазии за мир и социальную справедливость - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2022
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахеидкыла аԥҵан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәлатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы.
АҞӘА, цәыббра 1– Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсны Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахеидкыла ахаҭарнакцәа дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәыз 2023 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы аҽазыҟаҵара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ахеидкыла анапхгаҩы Гәыли Кьычԥҳа "Ан Лыхьӡ-Лыԥша аорден" аԥҵаразы ажәалагала ҟалҵеит.
"Ари аорден азы ажәа ҳаиҭахьан Владислав Григори-иԥа Арӡынба, аиубилеитә рыцхә азы ари азҵаара ӡбахар бзиоуп", - лҳәеит лара.
Иара убас ирылацәажәан ари акатегориа иаҵанакуа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәареи асоциалтә цхыраара рыҭареи иазкыз азҵаатәқәа.
Аиԥылараҟны иазааҭгылеит аҳәынҭқарратә мазаратә комплекс "Пицунда" Урыстәылатәи Афедерациа аҭара иадҳәалаз азҵаара. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, иҭахаз ранацәа ргәаанагара ҷыдала аҵакы шамоу.
Ахада Аиқәшаҳаҭра Аԥсназы шәарҭарак шаҵам азгәеиҭеит.
Ахеидкыла ахаҭарнакцәа ирҳәеит атәыла анапхгара аусура ахырхарҭа адгылара шарҭо.
Анацәа ааԥхьара ҟарҵеит ауаажәларраҟны аибарххара алдмыршарц ирылшо зегьы ҟарҵарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0