Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Фазиль Искандер иаԥхьахә аиуразы асиа-кьаҿ рылаҳәоуп

Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса рзы ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы.
АҞӘА, цәыббра 2 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Витали Шариа иеиҭеигаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иажәабыжьқәа Фазиль Искандер иаԥхьахә асиа-кьаҿ иаҵанакит. Абри атәы иҳәеит аицлабра ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.
Асиа-кьаҿ аҿы ажәабжьқәа арбоуп аноминациа "Хәызмам абеиара" (аурысшәахь аҩымҭақәа реиҭагақәа) ала.
Попов иажәақәа рыла сынтәа аԥхьахә ахаҵгылара ду аиуит.
"Аԥхьахә иналукааша литературатә ԥхьахәхеит. Аҩымҭақәа ралкаараз ихадароу алитературатә рҿиамҭа ахаҭабзиароуп. Автор иҩаӡара ма дахьыҟоу ракәӡам аҵакы змоу. Аиндаҭлара дууп. Иацынӡагь ажиури алахәылацәа аимак-аиҿак рыман", - иҳәеит иара.
Асиа ду ианын 158 усумҭа. Асиа кьаҿ ахь иалкаан 29 автори ԥшьҩык аиҭагаҩцәеи.
Попов иҳәоит аицлабра ишалахәу ихатәрақәоу реиԥш аҿаргьы.
Презентация монет Герои Искандера - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Аԥсны
Искандер иҩымҭақәа рфырхацәа: Аԥсны Аԥара амузеи аԥараҿырпқәа ӡырнагеит
Попов иазгәеиҭеит Фазиль Искандер Урыстәыла даара бзиа дшырбо.
"Искандер аурыс литература иалеигалеит зеиԥш ҟамлацыз аԥсуа-кавказтә ҟазшьа, ирбеиеит ҳтәыла ду алитература. Иара Урыстәыла бзиа дырбоит. Аԥхьахәгьа агәра ргоит. Изныкымкәа иазгәарҭахьеит аиԥш зеиԥшу аԥхьахәқәа шмаҷу. Ԥхьаҟагьы абасеиԥш иаанхар даара ишьахәхон", - иҳәеит иара.
2022 шықәсазы Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиура алшоит абарҭ аноминациақәа рҿы: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза", "Аиҭага".
Афиналистцәа иреиуоуп: Владимир Алеиников, Тимур Зульфикаров, Вера Зубарева, Анастасиа Коваленкова, Марина Кулакова, Даниель Орлов, Елена Сазанович, Карине Ходикиан, аҿарацәа – Ксениа Аксенова, Андреи Болдырев, Николаи Железниак, Виктор Маркин.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьареи иаиааиз рыхьӡ аҳәареи ирызку аусмҩаԥгатә ҟалоит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Москва. Сынтәа аԥхьахә адгылара анаҭеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Ахада ифонд.
Ажәабжьқәа зегьы
0