Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агәыхааԥҳа: аҵара аганахьала ахәыҷы иҵегьы илшон, иҟаимҵеит ҳәа уамак иқәыӷәӷәара ҟалом

Агәыхааԥҳа: аҵара аганахьала ахәыҷы иҵегьы илшон иҟаимҵеит ҳәа уамак иқәыӷәӷәара ҟалом
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы ашкол ахь дгәырӷьаҵәа дныҟәаларц, игәацԥыҳәаны аҵара иҵаларц, ашкол аҟны алеишәа ҷыдеи аҵатәқәа реихшареи уадаҩра изцәыррымгарц азы иҟаҵатәу арадио аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәатәи афбатәи абжьаратә школ апсихолог Алиса Агәыхааԥҳа.
Ашкол ахь раԥхьаӡа ицо ахәыҷы изы аҭагылазаашьа ҿыц аҽаршьцылара ауадаҩрақәа ацуп, убри аҟынтәи уи дазыҟаҵалатәуп заанаҵы ҳәа азгәалҭеит апсихолог Агәыхааԥҳа.
"Ахәыҷбаҳчаҟынгьы ахәыҷы арежим имоуп, аха уи ашкол аҟны иҟоу алшареи дареи еиԥшӡам. Убри аҟынтә аҭаацәа аус адырулароуп аҵара алагамҭанӡа ҩымчыбжьҟа шыбжьоу. Хәмаррақәак идыргалароуп, 5 минуҭк акәзаргьы идтәаланы џьара ҭыхрақәак , апластелин ала аусура аума, имариоу акы идыргалароуп ахәмарра иахгашәа. Уи аамҭа иацуҵалароуп 5 минуҭк рҟынтәи 10, аҵара даршьцылатәуп. Уи хәыҷы-хәыҷ ашкол ахь аҵара дархиоит", - лҳәеит Агәыхааԥҳа.
Апсихолог лгәаанагарала, ахәыҷы шықәсык азыҟаҵаратә класс аҟны дыртәаны, ашкол ахь анаҩс ишьҭра уззыԥшу алҵшәа аанамышьҭыр ауеит. Дарбанзаалак ахәыҷы быжьшықәса ихыҵаанӡа ашкол ахь ишьҭра заацәоуп ҳәа лыԥхьаӡоит Агәыхааԥҳа.
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рнаҩс ашкол ԥсҭазаара ианазыхынҳәуа ахәыҷқәа рымаршәа ктәуп, аҭаацәа иаҳа ачҳара аадырԥшлароуп.
"Ҳара ҳзы имариоуп аҳәара "Минуҭк ауп иаҭаху аԥхьара, шәгыл!" ҳәа, аха дара аџьабаа адырбалоит. Хәыҷык ирҽхәалатәуп, ҳа ҳзы имаҷзаргьы иҟарҵо, дара рзы ирацәоуп. Иаразнак думкыроуп ахәыҷы "ахәшьара бзиа заабымгеи" ҳәа. Аҭаацәа иагьа ҳгәы ҳнархьуазаргьы, ахәыҷы иҵегьы илшон иҟаимҵеит ҳәа уамак уиқәыӷәӷәар ҟалом. Иахьа дурҽхәар, уаҵәы иҵегьы еиӷьхоит, уаҵәашьҭахь ҳәа рауҳәар, нас иаҳа-иаҳа аҵара шьҭырхуеит", - лҳәеит Агәыхааԥҳа.
Лара иазгәалҭеит лассы-ласс ахәыҷы аҭаацәа разҿлымҳара аниҭаху амобилтә ҭел иркны русқәа аҟаҵара ишалаго, уи иара аамҭак дахнагоит, аха аиҳабацәа рацәажәара, разҿлымҳара анимоуа иҟазшьа ианымԥшыр залшом ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0