Харьковтәи аобласт Волчантәи араион анхацәа аурыс тәылауаҩшәҟәқәа рырҭо иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт Российской Федерации
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2022
Анапаҵаҩра
Харьковтәи аобласт ахәҭак аурыс архәҭақәеи ЛЖәР жәлар рмилициеи рнапахьы еицааргеит аоперациа ҷыда аан.
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Харьковтәи аобласт Волчантәи араион анхацәа аурыс тәылауаҩшәҟәқәа рырҭо иалагеит, абри атәы аанацҳауеит арра-граждантә напхгара апресс-маҵзура а-Telegram-канал аҿы.
"Волчантәи араион аҿы Урыстәылатәи атәылауаҩра аиуразы раԥхьа ашәҟәқәа алазҵаз атәылауаа атәылауаҩшәҟә ҟаԥшьқәа роуит. Раԥхьатәи 15 тәылауаҩшәҟәы рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Волчансктәи Акультура аҩнаҟны", — ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Нанҳәамза анҵәамҭазы Харьковтәи аобласт аҿы аурыс тәылауаҩра роуит Купианск анхацәа жәаҩык.
Арратә операциа ҷыдаан Урыстәылеи ЛЖәРи рырхәҭа еидгылақәа рнапахьы иааргаз Харьковтәи аобласт иаҵанакуа Волчанск, Купианск, Казачиа Лопань аҳабла рҟны иаԥҵан араионтә напхгара ҿыцқәа.
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Захарова еиҭалҳәеит абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аанкылара зыхҟьаз
Уажәы арегион аҿы атауарқәа раахәаразы рхы иадырхәоит украинатәи агривнақәеи аурыс мааҭқәеи. Уа инхо ауаа ироуеит атәанчахәқәеи зныктәи ацхыраагӡақәеи, абиуџьеттә усхк аҟны аус зуа ауалафахәқәа роуа иалагеит. Уи адагьы аобласт аҿы ирырҭо иалагеит арегион акод 188 змоу урыстәылатәи автомобилтә номерқәа. Аномер ҿыцқәа роур рылшоит уаанӡа урыстәылатәи атәылауаҩра зауз ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0