00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афестиваль "Ауарӷантә хәылԥазқәа" мҩаԥысраны иҟоуп Пицунда цәыббрамзазы

© Sputnik / Томас ТхайцукПицундский орган
Пицундский орган - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2022
Анапаҵаҩра
Акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны ҩышықәса иаанкыланы иҟаз аабатәи афестиваль "Ауарӷантә хәылԥазқәа" мҩаԥысраны иҟоуп Пицунда.
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Афестиваль "Ауарӷантә хәылԥазқәа" мҩаԥысраны иҟоуп Пицунда цәыббра 5-10 рзы ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауарӷанарҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа.
"Есышықәса ари афестиваль апрограмма аҽаԥсахуеит. Иара убас анагӡаҩцәа, аҵакы - зегь рҽырԥсахуеит. Сынтәа, адунеи аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны мраҭашәарантәи асасцәа ҳзаамыԥхьеит. Еиҳарак Урыстәылантәи анагӡаҩцәа ааҳгоит. Ҳсахьаркыратә напхгаҩы Марина Шамбеи сареи Аԥсны ахьӡала ҳақәгылоит", - иҳәеит аҟаза.
Иара убас иара иазгәеиҭеит ари афестиваль ҩышықәса раахыс иахыго иаауан акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны.
Аусмҩаԥгатә аадыртуеит цәыббра 5 рзы. Цәыббра 10 рҟынӡа Пицунда есыхәылбыҽха ҩба-ҩба концерт мҩаԥысраны иҟоуп.
"Афестиваль аркра иалахәхоит аорӷанарҳәаҩцәа рацәаҩны. Апрограмма еиуеиԥшым - барокко амузыка инаркны ХХ ашәышықәса иаҵанакуа амузыка аҟынӡа. Ауарӷанарҳәаҩцәа рыдагьы иқәгылоит ҳашәаҳәаҩцәа – Кристина Ешба, Алиса Гыцба, иара убас Иапониантәи ауарӷанарҳәаҩцәагьы", - ҳәа инаҵишьит Гаделиа.
Ауарӷанарҳәаҩ агәра ганы дыҟоуп афестиваль апрограмма аклассикатә музыка абзиабаҩцәа рыдагьы аӡәырҩы ишыргәаԥхо.
Ажәабжьқәа зегьы
0