Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гогьиаԥҳа арт-пленер "Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гогьиаԥҳа арт-пленер "Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа" иазкны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арт - пленер "Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа" сынтәа ишымҩаԥгахо, аҽалархәразы иҟаҵатәу, иалахәхо, лшарақәас ирзаԥҵахо атәы еиҭалҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша арҵаҩы, арт-пленер аҳәаақәҵаҩ Мактина Гогьиаԥҳа.
VII Жәларбжьаратәи арт-пленер "Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа - 2022" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥгахоит жьҭаара 3 инаркны 12-нӡа.
Арт-пленер мҩаԥгахоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭа амчала, уи иалахәхо асасцәа аангылоит ауниверситет азеиԥшнхарҭаҟны лҳәеит ауснагӡатә аҳәаақәҵаҩ Мактина Гогьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны.
"Сынтәа арт-пленер аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо ацәыргақәҵақәа ауниверситет 90 шықәса ахыҵра иадҳәалазаауеит. Ашәҟәқәа ралаҵара мҩаԥысуеит нанҳәа 27 инаркны цәыббра 26-нӡа. Ари ауснагӡатә ҳазнеиуеит ҭакԥхықәрала, еиҿкаарыла. Уажәнатә ҳрацәажәоит уи ашҟа ааԥхьара заҳҭо асахьаҭыхыҩцәа, дара аҵарадырра знапы алаку уаауп, еиуеиԥшым ауниверситетқәа рҟынтәи. Иахьатәи аҭагылазаашьаҟны аҳәаанырцәтәи аиҭанеиааирақәа хәыҷык ауадаҩрақәа ахьрыцу аҟынтә џьоукы зааӡом, аха Урыстәыла инхо, еснагь ааԥхьара заҳҭало заауеит. Ара иҟоу ҳастудентцәагьы налаҵаны арт-пленер иалахәхо рхыԥхьаӡара 60-70 ҩык раҟара инаӡоит", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0