https://sputnik-abkhazia.info/20220906/asny-ashkharay-iazgaamyz-asovet-ar-rysyzhyra-aadyrshit--1041344720.html
Аԥсны ашьхараҿы иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа аадырԥшит
Аԥсны ашьхараҿы иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа аадырԥшит
Sputnik Аҧсны
Ари аҭыԥ аҿы анышә иамадоуп ҩеижәаҩык иреиҵамкәа асовет аруаа. 06.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-06T10:53+0300
2022-09-06T10:53+0300
2022-09-06T10:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/06/1041343664_125:0:1435:737_1920x0_80_0_0_709364e0d993726a760e39fa9de064a5.jpg
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аԥсны ашьхараҿы иаадырԥшит иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа, жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи.Аекспедициа мҩаԥысуан нанҳәа 29 инаркны цәыббра 2 рҟынӡа аӡиасқәа Ацгара, Аданга, Аладатәи Марыхә реилаларҭаҿы.Аҵыхәәтантәи аԥсыбаҩ анышә иамадан Аидгылатә ҭоурых-патриоттә експедициа "Оборонная тропа" алахәылацәа рылшарала, 1985-1986 шықәсқәа раан.Ари аԥсыжырҭа абнара ахыҵәан иахьыҟаз азы иҟаз адыррақәа еиуеиԥшымызт.Аекспедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" алахәылацәа заанаҵы аҵакыра дрыцқьеит, GPS-координатқәа шьақәдыргылеит, ахсаала ҟарҵеит. Аҵакыра инагӡаны арыцқьаразы макьанагь аусурақәа аҭахуп.Уи адагьы ахыҵырҭа Марыхә аладатәи анаараҿ иаарԥшын быжьҩык аруаа рыԥсыбаҩқәа рыхәҭа.Аекспедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" -- 1942-1943 шықәсқәа раан Кавказ ахьчараз ицоз аибашьраан иҭахаз асолдаҭцәеи афицарцәеи рыԥсыбаҩқәеи рыԥсыжырҭақәеи рыԥшаароуп хықәкыс иамоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/06/1041343664_288:0:1271:737_1920x0_80_0_0_02bbaa6368bcbd62c48868b49a6c0239.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны ашьхараҿы иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа аадырԥшит
Ари аҭыԥ аҿы анышә иамадоуп ҩеижәаҩык иреиҵамкәа асовет аруаа.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аԥсны ашьхараҿы иаадырԥшит иазгәаҭамыз асовет ар рыԥсыжырҭа, жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи.
Аекспедициа мҩаԥысуан нанҳәа 29 инаркны цәыббра 2 рҟынӡа аӡиасқәа Ацгара, Аданга, Аладатәи Марыхә реилаларҭаҿы.
Аԥсыжырҭа 1942 шықәсазы иаартын, аха анаҩс ашәарыцацәа, атуристцәа, атуристтә клубқәа рлахәылацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ирыԥшаауаз асовет ар рыԥсыбаҩқәа ара иржуан 1980-тәи ашықәсқәа рҟынӡа.
Аҵыхәәтантәи аԥсыбаҩ анышә иамадан Аидгылатә ҭоурых-патриоттә експедициа "Оборонная тропа" алахәылацәа рылшарала, 1985-1986 шықәсқәа раан.
Ари аԥсыжырҭа абнара ахыҵәан иахьыҟаз азы иҟаз адыррақәа еиуеиԥшымызт.
Аекспедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" алахәылацәа заанаҵы аҵакыра дрыцқьеит, GPS-координатқәа шьақәдыргылеит, ахсаала ҟарҵеит. Аҵакыра инагӡаны арыцқьаразы макьанагь аусурақәа аҭахуп.
Уи адагьы ахыҵырҭа Марыхә аладатәи анаараҿ иаарԥшын быжьҩык аруаа рыԥсыбаҩқәа рыхәҭа.
Аԥсыбаҩқәа рыхәҭақәа аӡбарҭа-медицинатә експертиза Ареспубликатә биуро ахь аҵәахрази аҭҵаарази инагоуп. Анаҩс урҭ патуқәҵарала анышә иамадахоит.
Аекспедициа "Марух. Высокогорный фронт-2022" -- 1942-1943 шықәсқәа раан Кавказ ахьчараз ицоз аибашьраан иҭахаз асолдаҭцәеи афицарцәеи рыԥсыбаҩқәеи рыԥсыжырҭақәеи рыԥшаароуп хықәкыс иамоу.