Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи абитуриентцәа фҩык IT-коллеџь "Сириус" иҭалеит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосдума приняла закон о федеральной территории "Сириус"
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи абитуриентцәа IT-коллеџь "Сириус" аҿы аҵараҵаразы алшара роуит Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиеи арҵаратә центр "Сириус" анапхгареи реицәажәара иабзоураны.
АҞӘА, цәыббра 6– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра адгыларала Аԥснытәи абитуриентцәа фҩык ироуит алшара IT-коллеџь "Сириус" аҿы аҵараҵараз, уи Афонд "Талант и успех" арҵаратә екосистема иахәҭакуп, абри атәы иҳәеит аминистрреи ауаажәларреи реимадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҩышықәсоуп ҳабитуриентцәа IT-коллеџь "Сириус" иҭалартә еиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥҵоижьҭеи. Аԥснытәи абитуриентцәа ироуит алшара IT-коллеџь "Сириус" аҿы аҵараҵара Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиеи арҵаратә центр "Сириус" анапхгареи реицәажәара иабзоураны. Аколлеџь аҭалара адагьы дара ацентр имҩаԥнаго аолимпиадақәа, аицлабрақәа зегьы ирылахәхар ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ҵыԥх IT-коллеџь "Сириус" иҭалеит быжьҩык Аԥснытәи аушьҭымҭацәа. Ацентр аҿы аԥсуа студентцәа хәыда-ԥсада аҵара рҵалоит.
"Ииасыз ашықәс азы 11 класс ирылгаз ракәын ирыдыркылоз. Сынтәа ажәбатәии ажәабатәии аклассқәа ирылгазгьы рыдыркылоит", - иҳәеит аминистрреи ауаажәларреи реимадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа
Алкааратә етапқәа зегьы онлаин Аԥсны имҩаԥысуан.
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Аԥснытәи аушьҭымҭацәа IT-центр "Сириус" аҿы аҵара рҵалоит
IT-коллеџь "Сириус" иҭалеит: Владислав Аргәын (аинформациатә системақәеи апрограммаҟаҵареи), Ева Манукиан – (асасааирҭатә маҵзура), Арноу Џьапуа – (акомпиутертә системақәеи акомплексқәеи), Лорена Симонова - (аинформациатә системақәеи апрограммаҟаҵареи), Алекс Абдельнур - (аинформациатә шәарҭадара аиҿкаара), Александр Подпругин - (акомпиутертә системақәеи акомплексқәеи).
"Аҵараиурҭа ҵыԥх иҭалаз ишырҳәо ала агәахәара ду рымоуп ара аҵара ахьырҵо. Атеориа адагьы Иандекс, Роснефть, Ростелеком еиуеиԥшым рпроектқәа ирылахәуп. Ҳгәаанагарала ари ҵаҵӷәы бзиоуп IT аусхк адырыҩцәа рааӡараҿы", - иҳәеит иара.
Аҵара мҩаԥысуеит ԥшьышықәса рыҩныҵҟа латәаратә ҟазшьала. Астудентцәа азеиԥшнхарҭаҿ ауадақәа рырҭоит иҳәеит Қәҭелиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0