Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чачхалиа ишәҟәы "Абхазское царство. Эпоха Давида Великого" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чачхалиа ишәҟәы "Абхазское царство. Эпоха Давида Великого" иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурых иазку ашәҟәы автор-аиқәыршәаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи иаанарԥшуа, игәаанагара иҳәеит иахьатәи абиԥара ирҵо рыжәлар рҭоурых азы.
"Абхазское царство. Эпоха Давида Великого 1089-1125" захьӡу Денис Чачхалиа ишәҟәы ҭыҵит. Ааигәа Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит иара аӡыргара.
"Аԥсуа аҳцәа Қәҭешьтәи рархив уажәы заҟа процент ыҟоу иаахҵәацәҟьаны исзымҳәозаргьы, аӷьыраӡак аԥсуа ҳәынҭқарцәа ирызкын, убри аԥсуа ҳәынҭқарра иаҭынхоуп, иарбан бызшәазаалакгьы излаҩу. Ҳапхьаҟагьы иаҳзыԥшу, иааҳартраны иҟоугьы, хымԥада, аԥсуаа ҳдоуҳатә культура иахәҭакуп. Аԥсҳацәа, аԥсуа ҳәынҭқарцәа рҭынха иаҳзынхаз, уаҩҵас ицәырганы, ахҳәаа азуны, зегьы аҭыԥаҿы иқәыргыланы иааиуа абиԥара рнапы иаҳаркыроуп, ҳаԥхьаҟа иргароуп дара убри", - иҳәеит Чачхалиа.
Иара иазгәеиҭеит иахьа уажәраанӡа аҿар ирҵо Аԥсны аҭоурых амаҭәар ҳажәлар рықәхра ианашьҭаз, аамҭа цәгьа ианҭагылаз аан иҩыз ашьаҭала иахьатәи абиԥара рааӡара иашам ҳәа шиԥхьаӡо.
"Уи шыҟаҵатәу сара исызҳәом , еилатәаны иазхыцроуп ари азҵаара. Сара сҭоурыхҭҵааҩуп, даҽакоуп иҟасҵаша, ишахәҭоу, аиашацәҟьа шыҟоу, насгьы арҵабаргратә база аазгеит. Уи аӡәы еиҭеиҳәаз ала акәӡам изласыҩыз ари ашәҟәы, афактқәа, адокуметнқәа ирҳәаз ала ауп. Арҭ адокументқәа ирҳәои, арепрессиақәа репоха аан иадырҳәази, хәыки-шьхаки рыбжьоуп, зынӡак еиԥшӡам, убри аҟынтә ари аганахьала иҳарҿыцша информациоуп. Еиҭах исҳәоит, уи уаажәларратә усуп, ауаа азхәыцроуп, иазнеироуп, ирыӡбароуп ԥсыхәас иамоузеи, абри ҳшааиуаз ҳцало, мамзаргьы ҽакала иҟаҳҵо. Насгьы ари аԥсуаа мацара ҳакәӡам изысыз, Кавказ ажәларқәа зегьы ирыцрасит ӷәӷәалагьы", - иҳәеит Чачхалиа.
Иара иазгәеиҭеит аҭоурых аҟны иҟаз шыҟаз ишақәнагоу ацәыргаразы иахьа аамҭа цәгьамзаргьы, уи аԥхьа иҟаз ашәара аиааиразы агәаӷьра шаҭаху.
Чачхалиа ишәҟәаҟны иааирԥшыз аԥсуа аҳ Дауҭ Дуӡӡа, аҭоурых аҟны аргылаҩ ҳәа иаанхо, Лых мамзаргьы Рҩан ( Риони) инаркны Каспиинӡа адгьылқәа иаб ихаан Аԥсны иацәыӡхьаз ырхынҳәны иациҵеит.

"Аԥсны азы иахьа Ԥсоуи Егрыи рыбжьара ҳәа ҳҳәозар, усҟан ус акәын ишырҳәоз, ашәҟәгьы ишанырҵоз Никоԥсиеи Дарубанди рыбжьара ҳәа. Дарубанд ҳәа изышьҭоу Дербент ауп, уи хықәгылоуп Каспиитәи амшын. Сара ус сгәы иаанагон ари метафароуп, иаҩцаны иҳәоушәа, аха сышәҟәы шааҭыҵыз еиԥш исԥыхьашәеит документк, абри ҳаԥсҳа дуӡӡа Дауҭ ицныҟәоз аҵарауаҩ дуи иареи еиццеит Дарубанд. Убри ила иабаз ԥшь-даҟьакны ианиҵеит иара, исԥыхьашәеит. Уи кьыԥхьзаарын, аха ҳара иҳамбеит, ҳамыԥхьеит, ахҳәаа азаҳамуит".

Денис Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Денис Чачхалиа
аҭоурыхҭҵааҩ
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0