Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа еиҭеиҳәеит ААУ аҿы аҵарашықәс шеиҿкаахои аиубилеи шазгәарҭои ртәы

Чхамалиа еиҭеиҳәеит ауниверситет аҿы аҵарашықәс шеиҿкаахои аиубилеи шазгәарҭои ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵарашықәс шеиҿкаахои, сынтәа ҿыц иалагалоу азанааҭқәеи, азҿлымҳара змоу ахырхарҭақәеи, аиубилеитә шықәсазы иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәеи дрылацәажәеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Ауниверситет ахь есышықәса имҩаԥырго адкыларатә кампаниа ахыхь сынтәа инхарҭәаау адкыларагьы еиҿкаан, уахь 32-ҩык арзаҳалқәа аларҵеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы, иҳәеит Чхамалиа.
"Уи иаҳа имаҷны иахьнеиз ахырхарҭақәа абиуџьеттә ҭыԥқәа рҿы, насгьы иҭалоз рхыԥхьаӡара иаҳа иахьеиҵаз аҟынтә, ус еиԥш адкылара мҩаԥган. Афизика, аматематика, агеографиа, абиологиа, ашколқәранӡатәи аҵара, аҭоурых аԥсуа сектор, иара убасгьы азиндырра латәарадатәи аҟәша - абарҭ ахырхарҭақәа рыла даҽазнык ирылаҳәан адкылара. Иалкааны иазгәасҭар сҭахуп, сынтәа раԥхьаӡа акәны Аҟазарақәа рыҟәшаҟны ишалагалаз азанааҭ ҿыц - аскульптура. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа роуп еиҳарак уахь инеиз, ирыдыркылеит хәҩык", - иҳәеит Чхамалиа.
Цәыббра 12 рзы ауниверситет ахь ицоит актәи акурс аҿы итәоу, цәыббра 19 рзы аҵарахьы иҭыҵуеит егьырҭ астудентцәагьы. Латәарадатәи аҟәшаҿы аҵара зҵо жьҭаара 3 инаркны 28 -нӡа ашьақәыргыларатә сессиа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0