Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ҭагалантәи асессиа далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Анапаҵаҩра
Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа аҵыхәтәантәи рсессиа аилатәара мҩаԥган ԥхынгәы 27 азы.
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан ҭагалантәи асессиа апланқәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аҟны.
"Ирацәоуп актәи аԥхьарала иҳадаҳкылаз азакәанқәа, урҭ ԥхьаҟагьы аус рыдулахоит, ирыхәаԥшхоит. Иҟоуп излацәажәо азҵаарақәа рацәаны. Ҳәарада, Пицунда азҵаарагьы иалацәажәахоит. Уи иаанагом иҳадаҳкылоит ма иҳадаҳкылом, уезгьы ахцәажәара мҩаԥгахоит", - иҳәеит Миносиан.
Апарламентарии зхәаԥшраны иҟоу азҵаарақәа иреиуоуп актәи аԥхьарала уаанӡатәи ааԥхьара адепутатцәа ирыдыркылаз ақыҭанхамҩаз азакәан.
"Актәи аԥхьарала Апарламент уаанӡатәи ааԥхьара адепутатцәа ирыдыркылаз ақыҭанхамҩаз азакәан аусеиҭадулара иаҿуп. Уа иҟоуп аҭагылазашьа бзиақәа, ақыҭақәа иахьрыҵанакуа акыр аиҭакрақәа алдыршоит", - иҳәеит иара.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи ирызкны
Ааԥынтәи асессиаан адепутатцәа азакәан апроектқәа 22 ҭырҵааит, аҵыхәтәантәи аԥхьарала 14 закәан рыдыркылеит. Аа-закәанк аԥхьатәи аԥхьарала ирыдкылан, урҭ русеиҭарыдулара мҩаԥысуеит.
Аԥсны Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иазгәеиҭеит, адепутатцәа ралхыҩцәа шрыдҵаало.
"Аиҳарак изҳәо асоциалтә цхыраароуп: аӡәы анхарҭа имам, аҽаӡәы аҽыхәшәтәра дахысроуп. Иҟоуп ахәыҷқәа аицлабрақәа рахь ицараны ианыҟоу, аха афинанс цхыраара анырҭаху. Адепутатцәа ирылшо ҟарҵоит, ирызнеуа ауаа ирывагылоит", - иҳәеит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
Миносиан ахәшьара аиҭеит аҩныҵҟаполитикатә зҵаарақәа рыӡбараан адепутатцәа рылшара, иазгәеиҭеит, ауаажәларра рҿы аимак-аиҿак зхылҿиаауа азҵаарақәа зегьы Апарламент аҿы ишалацәажәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0