Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уҳақьымхарц азы: Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла аҟазауаа шазыҟанаҵо

CC0 / / Консультация у врача
Консультация у врача  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра зҵара ахәԥса ашәо, ԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу рхыԥхьаӡара 80-ҩык ыҟоуп. Арахь иаҵанакуам актәи акурс астудентцәеи аординатура иахысхьоуи.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра абитуриентцәа ацхыраара рнаҭоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы хықәкылатәи апрограммаҟынтә рҵара ахәԥса ахшәаауа. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә ҟәша аиҳабы Саида Делԥҳа.
"Апрограмма иаҵанакуеит зхала зҵара ахә ззымшәо, аха убри аан иҳақьым бзиахап ҳәа агәаанагара ззыҟоу. Аминистрра арҭ ауаа ирыцхраауеит иҟазауаахарц, избанзар иҟоуп хымԥада аҳақьым изанааҭ алызхуа, аха ԥарала алшара змам", - лҳәеит лара.
Делԥҳа лажәақәа рыла, сынтәа аминистрра аганахьала жәҩык аҵара иҭалеит. Руаӡәк асанитар-профилактикатә занааҭ алихит, ԥшьҩык – ахәышәтәра афакультет. 14-ҩык Аԥсны атәылауаа аординатураҿ аҵара рҵоит - анестезиологиа, ареанимациа, апедиатриа, аневрологиа, адерматологиа, аллергологиа, аиммунологиа, аҿкчымазарақәа уҳәа рхырхарҭала.
Саида Делҳа илҳәеит аԥснытәи атәылауаа рҵаразы аус шауа хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа, есышықәса уи ишазоурыжьуа 10 миллион мааҭ аԥара. Апрограмма алахәхаразы ашколхәыҷқәа ашкол ралгара шықәсык шагу Агәабзиарахьчара аминистррахь идҵаалароуп. Уа дара ирзеиҭарҳәоит ареспублика зыда ихәарҭам ахырхарҭақәа ртәы, рхы аздырхоит иаҭаху азанааҭи аҵараиурҭеи, избанзар, Делԥҳа лажәақәа рыла, Москва аӡәы аҵара ирҵареи Краснодар ҩыџьа аҵара дырҵареи рыхәԥса еиваҟәылоит.
Лечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Аԥсны
Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы аус рулоит
Аминистрра ахаҭарнак илҳәеит ареспубликаҿ макьана ишазымхо анестезиолог-реаниматологцәа, аинфекционистцәа, арадиологцәа, аонкологцәа, арентгенологцәа. Лара иара убасгьы илҳәеит ақалақьтә усҳәарҭақәа рҿы аусурҭа аԥшаара шыуадаҩугьы, аштаттә акқәа роптимизациа аҭыԥқәа рҭарцәра алнаршароуп ҳәа.
Уи адагьы Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рыхәшәтәырҭақәеи рполиклиникақәеи рҿы аусурҭа аԥшаара алшоит.
Убри аан, лара ишылҳәаз ала, ҵыԥх 11-ҩык аординатура иалгаз рҟынтәи хҩык роуп Аԥсныҟа ихынҳәыз. Лара илҳәеит аҳәынҭқарра уҵара ахә анашәо, ари ҭакԥхықәроуп, шықәсқәак ракәзаргьы, ареспубликаҿ аус рулароуп ҳәа.
Мэр Москвы С. Собянин посетил комплекс Техноград на ВДНХ - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2022
Аԥсны
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара аҿҳәара инахоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0