Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ладариа Никарагуа апарламентарицәа Аԥсны аӡбахә рзеиҭеиҳәеит

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииИнар Ладария встретился с депутатами Никарагуа
Инар Ладария встретился с депутатами Никарагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥхарра зҵаз аиԥылараан иалацәажәеит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы Аԥсны ақәԥареи Никарагуеи иареи рпарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара азҵаарақәа.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа даҭааит Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа, уа иареи адепутатцәеи ареспубликаҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит, абри атәы аанацҳаит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Ладариа никарагуатәи адепутатцәа ишырзеиҭеиҳәаз Аԥсны аҭоурыхи ҳажәлар ахьыԥшымразы рықәԥара амҩа атәи.
Адепутатцәа еиҭарҳәеит Амилаҭтә Ассамблеиа аусура атәы, агәыӷрагьы аадырԥшит аԥсуа парламент аҿы ишаԥҵахо Никарагуеи Аԥсни реиҩызара иазку адепутаттә гәыԥ, уи аҩреспубликак рпарламентқәа реимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауеит рҳәеит дара. Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиаҿы Аԥсны аҩызаратә парламенттә гәыԥ аԥырҵахьеит.
Ацҳаражәҳәаҩ ари алагала дадгылеит, агәыӷрагьы ааирԥшит аԥснытәии никарагуатәии адепутатцәа русеицура шхацыркхо хара имгакәа.
Национальный флаг Никарагуа развевается перед президентским дворцом, известным как Casa de los Pueblos, в Манагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР адныҳәалара ҟанаҵеит Никарагуа ҳазхарҵеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы
Ажәабжьқәа зегьы
0