Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә анота аиуит аҳәынҭдача "Пицунда" иазку Аиқәшаҳаҭраз

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел РФ
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтәи анота аиуит аҳәынҭдача "Пицунда" иазку Аиқәшаҳаҭраз. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усҳәарҭа.
Адокумент аҿы ирзааҭгылоуп Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа 4, 6. Урҭ инарықәыршәаны:
Урыстәыла иазԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аргылара, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц.
Ахәҭаҷ 6 инақәыршәаны иарбоу аргылара ахархәара Аԥсны асуверенитет, ашәарҭадара ԥырхага рнамҭо, аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырра-техникатә, аекономикатә, аекологиатә интересқәа ԥырхага рнаҭом.
Аԥсны ААР анота Апарламент, апартиақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, абыргцәа Рхеилак анапхгара иднардыруеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0