Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

400 нызқьҩык рҟынӡа 2022 шықәса аԥхынразы Риҵатәи апарк иаҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукОзеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии
Озеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 1 аҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк аҭаларазы иҭиин абилеҭқәа 300 миллион мааҭ рыхә.
АҞӘА, цәыббра 15– Sputnik. Сынтәатәи аԥхынразы Риҵа иаҭааит 394 959-ҩык ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥссара адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Иара иҳәеит рашәарамзазы апарк ишаҭааз 90 513-ҩык атуристцәа, ԥхынгәымзазы – 146 177-ҩык, нанҳәамзазы – 158 269-ҩык. 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 1 аҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк абаразы иҭалеит 492 954-ҩык, ари 58 321-ҩык рыла еиҵоуп 2021 шықәсазы аасҭа. Багаҭелиа ари аԥхынтәи аҳауатә ҭагылазаашьа иадиҳәалоит.
"Апарк аҭаара шеиҵахазгьы аҵыхәтәантәи аҩышықәса рекордтәуп. Асезон макьанагьы ихыркәшам. Ҳгәыӷуеит ҵыԥх аасҭа иаухап ҳәа. Ихадароу аҭынчреи амш бзиақәеи рыҟазаароуп", – иҳәеит иара.
Мшаԥымзазы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит. Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә ҩынтәны ишьҭырхит 350 маҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы шә-мааҭк инаркны 200 мааҭ рҟынӡа иацлеит, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Риҵа аҭаара хәыда-ԥсадоуп.
Багаҭелиа иажәақәа рыла, цәыббра 1 азынӡа сынтәа иҭиуп 309 миллион 965 нызқь мааҭ. 2021 шықәса абри аамҭазы – 184 миллион 732 нызқь мааҭ. 2021 шықәсазы апарк иаҭааит 427 49-ҩык. 2021 шықәсазы иҭиин 716 000 билеҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0