Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чхамалиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәии Нхыҵ-Кавказтәии ауниверситетқәа реимадара алҵшәақәа ртәы

Чхамалиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәии Нхыҵ-Кавказтәии ауниверситетқәа реимадара алҵшәақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети реимадарақәа лшарақәас иаԥырҵо атәы еиҭеиҳәеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет цәыббра 13 рзы иаҭааит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет (СКФУ) аректор ​Дмитри Беспалов зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан ҩ-университетк реимадарақәа рымҽхак арҭбаареи аусеицура ахырхарҭақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа.
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыбжьара 2015 шықәса раахижьҭеи аҭҵаара-ҵарадырратә усхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп, анаҩс 2020 шықәсазы онлаин арежим ала аус адырулахьан даҽа еиқәшаҳаҭрак. Аамҭа ицәырнагаз аиҭакрақәа ҳасаб рзуны адокумент аректорцәа хаҭала рнапы анырҵеит.
"Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иалыршан еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа. Иаҳҳәап, аквалификациа аизырҳара аганахьала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи алархәны иаԥҵан жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә лабораториақәа аҭоурыхи, азинеи, аекономикеи рганахьала. Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет ацхыраарала имҩаԥган жәларбжьаратәи аконференциақәа, насгьы Урыстәыла аԥхьагылара змоу аҭыжьымҭақәа рҟны ркьыԥхьра алыршан ҳаԥсуа ҵарауаа русумҭақәа. Ауниверситет аҿы уажәы нап аҵаҩын "Кавказ ду" захьӡу аконсорциум аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра. Онлаин аҳасабала уи адокумент рыдыркылахьан 2020 шықәсазы. Аконсорциум Аԥсны адагьы иалалеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университети Архитектуреи аргылареи рзы Ермантәылатәи амилаҭтә университети", - иҳәеит Чхамалиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0