Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭодуаԥҳаи Гәылуаԥҳаи "Реиҳа мчы змада" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭодуаԥҳа Гәылуаԥҳаи «Реиҳа мчы змада» иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа лакәқәа рмотивқәа рыла Аҿартә театр ахәыҷқәа ирыднагалеит ақәыргыламҭа ҿыц. Уи аидеиа шцәырҵызи, насгьы аԥсуа лакәқәа ирыцу аҵаулареи ртәы арадио Sputnik иазеиҭарҳәеит арежиссиор-ақәыргылаҩ Ирма Гәылуаԥҳаи апиеса автори Есма Ҭодуаԥҳаи.
Цәыббрамза 15, 16 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы аԥсуа лакәқәа рмотивқәа рыла Аҿартә театр ахәыҷқәа ирыднагалеит ақәыргыламҭа ҿыц "Реиҳа мчы змада".
Алакәқәа ирылхны апиеса еиқәлыршәеит Есма Ҭодуаԥҳа. Ари аԥышәа лара лзы раԥхьатәиуп. Лажәақәа рыла, аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рыҭҵаара лнапы шалаку ала, аус здылулоз аматериал алоуп апиеса шьышьақәгылоугьы.
"Аус анадызулоз, ҳәарада, избоз ыҟан ԥхьаҟа акы злыҵуа ҳәа. Аԥсуа лакәқәа асцена мацара акәым, амультфильмқәагьы рылухыртә иҟоуп. Дара ахәыҷқәа рааӡаразы акырӡа рыҵаркуеит. Аԥсуа жәлар иҳамоуп аматериал дуӡӡа, иара ажәлар ирылаҳгаз ажәлар рахь ирхынҳәтәуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҭодуаԥҳа.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Ирма Гәылуаԥҳа илҳәеит апиеса ҩымз аус шадырулоз, ақәыргыламҭаз амузыка ҷыдала иҩит Абзагә Марыхәба. Лара иазгәалҭеит аԥсуа лакә ала ақәыргыламҭа Аҿар ртеатр арепертуар аҿы аҟалара акыраамҭа ишазыԥшыз, уи ахьалыршахаз шгәахәара дуу дара рзы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0