00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 35 нызқь автотуристцәа равтомашьынақәа аԥгаԥса рзыруит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковский международный автомобильный салон
Московский международный автомобильный салон - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2022
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 1 азы иҟоу аҭагылазаашьала аилазаара "Гарант-страхование" аҳәаанырцәтә тәылауаа злахәыз 35 амҩатә машәырқәа рыхә рзашәеит.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. 35 нызқьҩык аҳәаанырцәтә тәылауаа равтотранспорт аԥгаԥса азыруит Аԥсны лаҵара 17 инаркны цәыббра 1 аҟынӡа, абри аҩыза астатистика ааигеит аилазаара "Гарант-страхование" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ахра Қьецба арадио Sputnik аефир аҿы.
Аҳәаанырцәтә автомашьынақәа еиҳарак арахь иаауеит аԥхынразы. Цәыббрамза иалагазар, Қьецба иажәақәа рыла, зхатә автомашьынала иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхеит.
Аилазаара "Гарант-страхование" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иааигаз арбагақәа усҟак ибзиам ҳәа рхиҳәааит, арҭ амзақәа рзы ареспубликахь иааз аԥсшьаҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара ҳасаб азуны.
"Иаҳԥырхагоу аҭагылазаашьақәа ыҟоуп. Актәи - аинформациа инагӡаны иҳауам. Аҩбатәи - уаанӡатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы иҟоуп агәаанагара - "сара амашәыр сақәшәаӡом, акгьы ҟасҵаӡом" ҳәа. Иара убас аӡәырҩы ргәы иаанагоит усгьы аӡәгьы аԥара сиҭаӡом ҳәа", - азгәеиҭеит Қьецба.
Иахьатәи аамҭазы амҩатә машәыр иақәшәаз ирзыршәо аԥара 50 нызқь рҟынӡа иҟоуп. Қьецба игәаанагарала, аԥгаԥсатә хараԥсақәеи аԥарашәарақәа ршәагааи ԥсахтәуп, избанзар урҭ уажәшьҭа иажәит, ирзыршәо аԥара автомашьына арҽеира иазхом.
Ажәабжьқәа зегьы
0