00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аусура иалагоит

© Sputnik / Виталий ТимкивПредпосевная культивация почвы перед началом посева сахарной свеклы на полях АО "Рассвет" в Краснодарском крае
Предпосевная культивация почвы перед началом посева сахарной свеклы на полях АО Рассвет в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2022
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа рыдкылара азгәаҭоуп 2023 шықәса алагамҭазы.
АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҟны ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма аусура иалагоит 2023 шықәсазы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Апрограмма иамҽханакуеит ҩ-хырхарҭак: аҵиааӡареи арахәааӡареи.

"Арҭ апроектқәа қыҭацыԥхьаӡа ма ҳаблацыԥхьаӡа ҩ-миллионк? ҩ-миллионбжак рҟынӡа аԥара рыхшәаара иазхиоуп аиҳабыра", - лҳәеит лара.

Ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа анхацәа ирыларҳәароуп ари апроект аӡбахә.
Аԥара аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи ирыҭахоит. Уи аларшахеит 2022 шықәса аԥхынтәи акурорт ԥсшьараамҭа абиуџьет иҭанагалаз аизҳара иабзоураны.
Гагра араион ақыҭанхамҩа аҟәша анапы ианҵоуп апроектқәа ралԥшаареи апрограмма аусура ацклаԥшреи. Убри аан апрограмма алахәылацәа аԥара рнапаҿы ироуӡом.

"Апроектқәа рыдкылара иалагоит иааиуа ашықәс ҿыц алагамҭаз. Ауааԥсыра уаанӡа аамҭа рымоуп аҽазыҟаҵаразы. Апрограмма аԥҟарақәа рыла анхацәа рыпроектқәа ақыҭа аҿиара иазырхазароуп", - лҳәеит Гәынԥҳа.

Гагра араион иаҵанакуеит жәа-қыҭаки ҩ-ҳаблаки.
Ажәабжьқәа зегьы
0