Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сынтәатәи нанҳәамзазы Аԥсны атауареикәыршара ҵыԥх аасҭа 628 млн мааҭ рыла еиҳахеит

© Sputnik / Акоп КущянДенежные купюры
Денежные купюры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳасабырба ҟанаҵеит 2022 шықәса нанҳәамзатәи аусуразы.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны нанҳәамзазы атауареикәыршара иартәеит 3,7 млрд мааҭ, уи 628 млн мааҭ рыла еиҳауп ҵыԥх нанҳәамзатәи арбагақәа раасҭа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Аусбарҭа аҳасабырба инақәыршәаны, атәыла иалганы игоу атауарқәа идыртәеит 3,2 млрд мааҭ, уи 18% рыла еиҳауп ҵыԥх абри аамҭазы иҟаз аасҭа.
Нанҳәамзазы атәыла иалгаз атауарқәа реилазаашьа:
афатә - 1,7 млрд мааҭ,
аӡрыжәтәи арыжәтә џьбареи - 285,2 млн мааҭ,
аҭаҭын аалыҵ – 97,3 млн мааҭ,
абылтәы аалыҵ - 380,2 млн мааҭ,
ахимиатә ааглыхра атауарқәа – 375,4 млн мааҭ,
автотранспорт, амашьынақәа, амаругақәа – 221 млн мааҭ,
егьырҭ атауарқәа – 874,6 млн мааҭ.
Атәылахь иалагалаз атауарқәа идыртәеит 504 млн мааҭ, уи 37% рыла еиҳауп 2021 шықәса нанҳәамзазы иҟаз аасҭа.
Нанҳәамзазы атәыла иалагалаз атауарқәа реилазаашьа:
арыжәтә џьбара - 361,6 млн мааҭ,
араса - 977,6 млн мааҭ,, мааҭ,
Абалых - 49,7 млн мааҭ,
Араса - 977,6 млн мааҭ,
егьырҭ атауарқәа - 76,8 млн мааҭ,
Аҳазалзратә шәатәқәа рзы нанҳәамзазы аплан нагӡан 105% рыла рҳәеит АҲЕ апресс-маҵзураҿы.
Пермская печатная фабрика АО Гознак - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Аԥсны
Нанҳәамзазы Аԥсны аҳазатә шәарақәа рыплан 105% рыла инагӡоуп
2022 шықәса цәыббра 1 азы аҳазалхратә шәарақәа идыртәеит 262,2 млн мааҭ, ари 26 млн мааҭ рыла еиҳауп ҵыԥх абри аамҭазы иҟаз арбагақәа раасҭа.
Ари аамҭа иалагӡаны иаарԥшын Аԥсны аҳазалхратә закәанԥҵараҿы административтә зинеилагарақәа 25 – акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа 108 цыра ралагалара, аҭаҭын аалыҵ - 58 135 цыра, арыжәтә џьбара 138 ԥаҭлыка, апарфиумертә аалыҵ - 159 цыра, апарфиумертә тауарқәа 464 цыра, иара убас егьырҭ атауархкқәа 690 593 мааҭ рыхә.
Абарҭ азинеилагарақәа рзы аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ашьаусԥшааратә ҟәшахьы, мамзаргьы урҭ административтә хьырхәра рықәҵаразы ақәҵара рыдыркылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0