Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа аибашьра ашьҭахь Аҟәеи Москвеи адәыӷба рыбжьаҵаразы: ныҳәан ҳара ҳзы

Ҟәыруа аибашьра ашьҭахь Аҟәеи Москвеи адәыӷба рыбжьаҵаразы: ныҳәан ҳара ҳзы
Анапаҵаҩра
18 шықәса раԥхьа, цәыббрамзазы, аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Аҟәеи-Москвеи ирыбжьаҵан адәыӷба. Ари ахҭыс шыҟалаз, уи иацыз агәырӷьара атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аихамҩатә усбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Аибашьра анцозгьы, иара уи ашьҭахь аидаратә дәыӷбақәа шныҟәац иныҟәон, ҳаихамҩа бганы ҳәа аҭагылазаашьа ыҟаӡамызт, аха апассаџьартә дәыӷбақәа ныҟәомызт ҳәа игәалаиршәоит Ҟәыруа.
"Уи иаман ахатәы мзызқәа. Ҳәарада, ари ахҭыс даара ҳазыԥшын. Аҟәа - Москва адәыӷба андәықәлоз ибзианы исгәалашәоит. 1992 шықәса раахыс иаангылан иҟаз апассаџьартә ныҟәара еиҭа ихацыркын. Ныҳәаҵас адәыӷба ҳаԥылеит усҟан. Аибашьра анеилга нахыс есыҽны ҳгәыӷуан, ҳаԥшын ари амш аныҟало ҳәа. Раԥхьа адәыӷба ҩ-вагонк ацраҳәаны ҳалагеит. Нас, шықәсқәак рышьҭахь, хаҭала адәыӷба 17 вагон аманы ахатә номер 305-306 Москва - Аҟәа ҳәа иныҟәаратәы аҭагылазаашьа ҟалеит. Адәыӷба 39 сааҭ амҩа иқәуп. Урыстәала ақалақь дуқәа ирылсны иаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит аихамҩа аусзуҩы.
Леонид Ҟәыруа иажәақәа рыла, иахьазы 4-5 пассаџьыртә дәыӷба дуқәа аауеит Аԥсныҟа. 2018 - 2019 шықәсқәа рзы имҩанган 300 нызқьҩык инарзынаԥшуа, убас есышықәса иҳәеит Аԥсны аихамҩатә усбарҭа анџьныр хада.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0