Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР амҩатә машәырқәа рганахь ала ашьаусҭҵаарақәа раан аилагарақәа аанарԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса актәи азбжазы аусҭҵааратә ҟәшақәа амҩа-транспорттә хҭысқәа рганахь ала ашьаус ахацаркра мап ацәкразы 211 ӡбара рыдыркылеит.
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ААР амҩатә машәырқәа рганахь ала ашьаусҭҵаарақәа раан, ашьаус амҩаԥгара мап ацәкрахьы иназго аилагарақәа аанарԥшит.
Аԥсны ААР ашьаусҭҵааратә усбарҭа аиҳабы Елеонора Карагозиан абарҭ аилагарақәа азгәалҭеит:
ҵаҵӷәыда 15 мшы рҟынӡа ацәгьоура шыҟалаз азы адырра агәаҭара аҿҳәара ароура;
амҩатә машәыр аан аиҿкаарақәа ирызуу аматериалтә ԥхасҭа аусҭҵааҩцәа рганахь ала ашьақәмыргылара;
аматериалқәа рыла агәаҭарақәа рыҿҳәара азинеилагарақәа рзы адыррақәа Рышәҟәы аҭаҩрала аламгара;
арныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рыхкьыԥхьаақәа аматериал агәыламҵара, ААР ААИА ахь амҩатә машәыр иалахәыз аршаҳаҭгақәа анроуз ашьақәыргыларазы азыҳәақәа рыҟамҵара;
-амҩатә-машәыр алахәылацәа ианаамҭо рҿахәҿымхра;
ААИ аусзуҩцәа еизыркыз аԥхьанатәтә материалқәа рҟны аилагарақәа, урҭ рыриашараз ауснагӡатәқәа рымҩаԥымгара (аиҳарак аан аныҟәцаҩцәа анаркотикатә маҭәашьар рыдкылан иҟазу иҟамзу гәарҭом, агәаҭаратә ԥкаанҵақәа рҿи автомашьына агәаҭара аԥкаанҵаҿи арныҟәцаҩи иадыԥхьалоу ашаҳаҭцәеи рнапынҵамҭақәа ыҟам).
Карагозиан лажәақәа рыла апроцессуалтә гәаҭарақәа ззыҟаҵоу амҩатә машәырқәа реиҳарак ацәгьоура акәымкәа административтә усеилагара аҟазшьақәа рыҭан.
Уи азы аусҭҵааҩцәа ацәгьоура знымԥшуа аԥхьанатәтә гәаҭараз аматериалқәа реизгара аамҭа рацәа ақәдырӡуеит.
Уи адагьы ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи административтә зинеилагараз ахараԥса иаразнакы изшәарц зҭаху уи рзалыршом, избанзар апроцессуалтә гәаҭарақәа ҩымз инеиҳани имҩаԥысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0