Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Ермантәылеи Азербаиџьани реимак аԥеиԥш иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Ермантәылеи Азербаиџьани реимак аԥеиԥш иазкны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Ермантәылеи Азербаиџьани реимак аҵаӡӷәы атәы, избан уи макьана ӡбашьа замам, насгьы Мраҭашәаратәи аполитика аинтересқәа уи аимак аҿы рроль атәы.
Цәыббра 12-13 ауха рзы Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аимак еибарххахеит, аганқәа дара-дара ахара рыдибаҵоит, ацәыӡқәа шыҟоу азы адырра ҟарҵоит. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аиҿцәажәарақәа ирыцырҵарц, аинышәаразы иҟоу аиқәшаҳаҭра иақәныҟәаларц азы, абри атәы аҩуан РИА Новости мышқәак раԥхьа.
Ермантәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьаҿы макьана иӡбам апроблемақәа рацәоуп, уи ауп аидысларақәагьы зыҟалогьыиҳәеит Ҳагба аиҿцәажәараҿы.
"Ермантәылеи Азербаиџьани реимак аҿы аҭынчра аполитика мҩаԥызго Урыстәыла ахьа Украина иҷыдоу аоперациа мҩаԥыргоит. Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа Урыстәыла амчра аԥсыҽра рхы иадырхәар рҭахуп. Хара имгакәа иҭышәынтәалоит зегьы, аха ари аамҭалоуп. Шьаҭанкыла аимак аӡбара даара иуадаҩуп", - ҳәа иҳәеит аполитолог.
Ҳагба иҳәеит аӡәырҩы аекспертцәа Урыстәыла амчқәа кәадахеит ҳәа шырҳәо, аха иаҭаххар, иӷьацаны Ермантәылеи Азербаиџьани аибашьра иалагар, Урыстәыла имҩаԥырго аполитика иӷәӷәаны ишалаго, избанзар дара ирҭахӡам аҩбатәи афронт аартра ҳәа азгәеиҭеит аполитолог.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0