https://sputnik-abkhazia.info/20220921/apolitolog-asny-ama-iakhymaka-akhymagasha-eishaneilaroup-1041636031.html
Аполитолог: Аԥсны амҩа иахымҟьакәа ахымҩаԥгашьа еишьҭанеилароуп
Аполитолог: Аԥсны амҩа иахымҟьакәа ахымҩаԥгашьа еишьҭанеилароуп
Sputnik Аҧсны
Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьаҟны Аԥсны Урыстәыла ишадгыло аанарԥшлароуп, избан акәзар, уи астратегиатә партниоруп, абас игәаанагара ыҟоуп аполитолог Беслан... 21.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-21T18:28+0300
2022-09-21T18:28+0300
2022-09-21T18:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032063302_0:0:1499:844_1920x0_80_0_0_44439bd7b9bd2db1bc7109d6c9a07b28.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Урыстәыла аҿаԥхьа иқәдыргыло ааԥхьарақәа зегьы Аԥсны азгьы ииааԥхьароуп, абас арадио Sputnik аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Камкьиа.Иара игәаанагарала, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Аԥсны ахымҩаԥгашьа еиҭакрада, шьаҿа-шьаҿала еишьҭанеилароуп."Аԥсны азы амҩа ахымҟьара иахьатәи аиҿагылараамҭаз хеиқәырхароуп. Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара, ҳусеицура аполитика-дипломатиатә шьаҭа мацара акәӡам иамоу. Ара шьаҭаны иҟоуп азеиԥш культура, адунеихәаԥшышьа акзаара. Европатәи акультура акәӡам ҳара иҳалааӡо, ҳара иҳалааӡо ҳгәыла ҵакыраҿы аҿиара змоу акультуроуп. Убри азы, иахьа Урыстәыла зықәшәо арыцҳарақәа ҳара иаҳныруеит аполитика аганахь адагьы ауаҩра аганахьалагьы", - иҳәеит иара.Камкьиа иажәақәа рыла, Урыстәыла иахьазы Аԥсны адгылара анаҭароуп, арратә цхыраарагьы налаҵаны. Аполитолог иазиԥхьаӡоит Аԥсны ауаажәларра еснагь Урыстәыла иадгылоит "ҳазхазҵаз, ҳзыхьчаз тәылак аҳасаб ала" ҳәа."Ҳәарада, ар дук ҳамам, аха ааигәатәи ҳаибашьра аԥышәа ҳамоуп, аҽеизакра амҩаԥгара аԥышәа ҳамоуп. Сгәы иаанагоит ҳаиҳабыра акыр ишәа-иза ихәыцып ҳәа", - иҳәеит иара.Аԥсны аиҳабыра астратегиатә хықәкы – Аԥсны аҵакыраҿы аибашьра алмыршароуп, азгәеиҭеит Камкьиа. Игәаанагарала аҳәынҭқарраҿ аҽеизакра арежим шьақәгылазароуп "аҩбатәи афронт" аартра ахьшәарҭоу азы.Цәыббра 21 азы Путин иусԥҟала Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220921/shoigu-anapyna-aieit-khakakhalati-amobilizatsiaz-ausa-anagara-ialagarts-1041629798.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032063302_0:0:1333:1000_1920x0_80_0_0_3c5248dcc1bab3f4a31da9be78761cfd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аполитолог: Аԥсны амҩа иахымҟьакәа ахымҩаԥгашьа еишьҭанеилароуп
Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьаҟны Аԥсны Урыстәыла ишадгыло аанарԥшлароуп, избан акәзар, уи астратегиатә партниоруп, абас игәаанагара ыҟоуп аполитолог Беслан Камкьиа.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Урыстәыла аҿаԥхьа иқәдыргыло ааԥхьарақәа зегьы Аԥсны азгьы ииааԥхьароуп, абас арадио Sputnik аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Камкьиа.
Иара игәаанагарала, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Аԥсны ахымҩаԥгашьа еиҭакрада, шьаҿа-шьаҿала еишьҭанеилароуп.
"Аԥсны азы амҩа ахымҟьара иахьатәи аиҿагылараамҭаз хеиқәырхароуп. Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара, ҳусеицура аполитика-дипломатиатә шьаҭа мацара акәӡам иамоу. Ара шьаҭаны иҟоуп азеиԥш культура, адунеихәаԥшышьа акзаара. Европатәи акультура акәӡам ҳара иҳалааӡо, ҳара иҳалааӡо ҳгәыла ҵакыраҿы аҿиара змоу акультуроуп. Убри азы, иахьа Урыстәыла зықәшәо арыцҳарақәа ҳара иаҳныруеит аполитика аганахь адагьы ауаҩра аганахьалагьы", - иҳәеит иара.
Камкьиа иажәақәа рыла, Урыстәыла иахьазы Аԥсны адгылара анаҭароуп, арратә цхыраарагьы налаҵаны. Аполитолог иазиԥхьаӡоит Аԥсны ауаажәларра еснагь Урыстәыла иадгылоит "ҳазхазҵаз, ҳзыхьчаз тәылак аҳасаб ала" ҳәа.
"Ҳәарада, ар дук ҳамам, аха ааигәатәи ҳаибашьра аԥышәа ҳамоуп, аҽеизакра амҩаԥгара аԥышәа ҳамоуп. Сгәы иаанагоит ҳаиҳабыра акыр ишәа-иза ихәыцып ҳәа", - иҳәеит иара.
Аԥсны аиҳабыра астратегиатә хықәкы – Аԥсны аҵакыраҿы аибашьра алмыршароуп, азгәеиҭеит Камкьиа. Игәаанагарала аҳәынҭқарраҿ аҽеизакра арежим шьақәгылазароуп "аҩбатәи афронт" аартра ахьшәарҭоу азы.
"Изызхәыцу ашьаҿақәа- ҳҳәынҭқарра ахьчоит. Убри акзаарала Аԥсны ирҭаху аҭынчра шьақәнаргылоит", - иҳәеит иара.
Цәыббра 21 азы Путин иусԥҟала Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәоуп.