Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апрокуратура хада 2021 шықәсазы аҳәынҭмал аимҵәара заҟа аҭыԥ рымаз атәы аҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2021 шықәса аҩнуҵҟа Аԥсны атәым мазара аимҵәаразы 142 шьаус хацыркын, абри атәы лҳәеит Апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа аиҳабы Ҭамила Бигәааԥҳа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа реизараҟны.
Бигәааԥҳа лажәақәа рыла 2020 шықәсазы ихацыркын 206 ус.
Аусқәа зегьы рҟынтәи 74 харадҵарала аӡбарҭахь инашьҭын, акы аанкылан, 61 – аамҭала иаанкылан ахара зыдҵахо ахаҿы дахьышьақәмыргылаз азы, хԥа заанаҵтәи рыҭҵаара мҩаԥысуеит, даҽа хԥа аиҭаԥшаарахьы инашьҭуп.
Иаарԥшын абарҭ аилагара хкқәа:
аӷьычрақәа: 2021 шықәсазы 129 ус хацыркын, 59 аарԥшын; 2020 шықәсазы 164 ус хацыркын, иаарԥшын - 57;
амцжьарақәа: 2021 шықәсазы ихацыркын иагьаарԥшын х-уск; 2020 шықәсазы быжь уск хацыреын, фба аарԥшын;
атәтәреи аԥарафареи: 2021 шықәсазы ихацыркын иагьаарԥшын ҩ-уск;
арҳәра: 2021 шықәсазы ԥшь-уск хацыркын, иаарԥшын ҩба; 2020 шықәсазы ихацыркын 17 ус, иаарԥшын жәба;
ақәылара: 2021 шықәсазы ихацыркын ԥшь-уск, иаарԥшын ҩба; 2020 шықәсазы ихацыркын – 18, иаарԥшын 5.
Абас ала аусқәа зегьы рҟынтәи 90% атәым мазара аимҵәара иадҳәалан ҳәа лҳәоит Бигәааԥҳа.
Бигәааԥҳа илҳәеит аусҭҵааратә усбарҭақәа арҭ ашьаусқәа рыҭҵаара ахаҭабзиара еиӷьыртәыр шакәу. Лара илҳәеит аматериалқәа рҿы ишумбо амҽхак, ахылаԥшра заанаҵтәи аусҭҵаараҿы аҭыԥ аҿтәи апрокурорцәеи аусҭҵааратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи рганахь ала.
"Атәым мазара аимҵәара иадҳәало ацәгьоурақәа раарԥшра иаԥырхаго мзызны иҟоуп аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара знапы алаку аҟәшақәа русура аиҿкаара ахьагу, ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аусҭҵааҩи акриминалисти неиаанӡа ацәгьоуцәа рышьҭақәа рырӡра", - лҳәеит лара.
Бигәааԥҳа иара убасгьы илҳәеит ашьаусқәа зегьы рҿы шамахамзар аоператив-ҭҵааратә уснагӡатәқәа рыплан шыҟам, агәызҩарақәа шагу, аоперативтә маҵзурақәеи аусҭҵааратә усбарҭақәеи реинырра шыҟам, аҭыԥ агәаҭара ААК анормақәа еилаганы ишымҩаԥго, нас уи арҵабыргыгақәа шарӡуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0