00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Корсаиаԥҳа Гәлиа иҩны- амузеи аҟны ицо аусурақәа рзы: ишеиӷьу ҳәа азгәаҭаны, еиҷаҳарала

Корсаиаԥҳа Гәлиа иҩны - амузеи аҟны ицо аусурақәа рзы: ишеиӷьу ҳәа азгәаҭаны, еиҷаҳарала
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аҟны иахьазы имҩаԥысуа аусурақәа, уи знапы иану, рхыркәшара аназгәаҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аҟны аиҭашьақәыргаларатә усурақәа хацыркуп. Рашәарамзазы амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа иҟалҵаз ааԥхьарала Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа гәыԥҩык аҭаан рыблала ирбеит иҟоу аҭагылазаашьа.
"Ҳаҳәарала иааины амузеи рбеит, аха уи ишынеибарку зегьы аиҭашьақәыргыларазы ауп аицәажәарақәа зцо. 2019 шықәсазы иӡбан ԥарак азалхра (амузеи аиҭашьақәыргылара аусурақәа рзы – азгәаҭа), убри сынтәа 2022 шықәсазы иалыршахеит. Абри аԥара еиҟәырҷҷа, аиҳабырагьы ацхраан, ахыб азы акәын аханатә иара хықәкыла изыҟаз. Аргыларатә еилахәра напхгаҩыс дамоуп Вадим Ладариа, гәыкала аус руеит. Актәи аихагылаҟны аекспозициатә асовет зали, аԥхьа уахьааҩналои, аусзуҩцәа рзы ауадеи рышьақәыргылара азгәаҭоуп, насгьы амардуан уахьааҿаԥшуа. Ҩышықәса роуп ибжьоу Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса азгәаҭара, амузеигьы усҟан иахыҵуеит 50 шықәса. Убри аиубилеитә мшазы асасцәа аҭаауеит. Амузеи асоветтә залгьы ааҳартыртә еиԥш ацхыраара ҳарҭан, аиҭашьақәыргылара иаҿуп", - лҳәеит Корсаиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҩны-амузеи, хымԥада, аԥхьаҟа ахы инаркны акапиталтә еиҭашьақәыргылара аҭахны ишыҟоу.
"Ҳәарада, ари алшара ду аҭахуп. Ҳгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа уи алыршахап ҳәа. Уажәазы "ухыза гәаҭаны, ушьапы еиҵых" ҳәа шырҳәо еиԥш, аиҳабыра ирылшаз, иаҳзоурыжьыз аԥара иалагӡаны аҟаҵара иаҿуп ишеиӷьу ҳәа азгәаҭаны, еиҷаҳаны", - лҳәеит Корсаиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0