Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа Рауф Џьыкырба иусумҭа аԥшааразы: жәала иузымҳәо ацәаныррақәа ҳрымҽханакит

Кәыҵниаԥҳа Рауф Џьыкырба иусумҭа аԥшааразы: жәала иузымҳәо ацәаныррақәа ҳрымҽханакит
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Рауф Џьыкырба аибашьра ацәаҳәаҿы иаԥиҵахьаз аҭыԥҳа лсахьа зну ахаҳә ԥшаан мышқәак раԥхьа, уи шыҟалази иара аҭоурыхи ртәы еиҭалҳәеит Аԥсуа-абаза конгресс аҿари аус рыцуреи, абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсны Афырхаҵа Рауф Џьыкырба Аҟәа ахақәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылара аԥхьа ахаҳә цәны аԥҳәызба лхаҿсахьа аԥиҵеит. Адырҩаҽны, амза 18 рзы иара дҭахоит. Ахаҳә аус шадиулоз атәы збоз аибашьра аветеран Индира Малиаԥҳа лыҷкәын Саид Куланба лассы-лассы изеиҭалҳәалон ари ахҭыс, илҭахын, мышкы зны уи ԥшаахарцаз. Аԥсуа-абаза конгресс аҿари аус рыцуреи, абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит, аҿари дареи русеицураҿы иӡыргахаз шжәабжьу.
"Рауф Џьыкырба данҭахаз аҽны аԥшаарақәа рымҩаԥгара ақәаҳкит. Аҽны егьырҭ аибашьцәа ахьҭахаз аҭыԥқәагьы ҳарҭааит, иаҳрыцқьеит. Аветеран Индира Малиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит аҭоурыхтә хҭысқәа ртәы, иаҳларбеит аибашьратә ҭыԥқәа. 30 шықәса рышьҭахь аҭыԥқәа акырӡа рҽырыԥсахит, аха зегь акоуп хара имгакәа ахаҳә ԥшаахеит. Аԥсуа-абаза конгресс алахәыла Шьазина Бганԥҳа хаҳәк арыцқьара дшаҿыз зегьы лыдеизалеит. Ҳшахәаԥшуаз иаҳбеит аӡӷаб лхаҿсахьа. Жәала иузымҳәо ацәаныррақәа ҳрымҽханакит, ҳгәаҵанӡа инеит…", - еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсуа-абаза конгресс аҿари аус рыцуреи, абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аспециалист лажәақәа рыла, аԥшаах Аибашьра Афырхаҵаратә музеи аҿы Рауф Џьыкырба изку аекспозицианы ишыҟало, уи збар зҭаху зегьы ус еиԥш алшара шроуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0