https://sputnik-abkhazia.info/20220921/urystylati-aazauaa-gdouati-akhshtyra-atsryaa-reiashayrgylarazy-iaakhoup--1041625948.html
Урыстәылатәи аҟазауаа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы иааԥхьоуп
Урыстәылатәи аҟазауаа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы иааԥхьоуп
Sputnik Аҧсны
Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит. 21.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-21T13:41+0300
2022-09-21T13:41+0300
2022-09-21T13:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148092_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_c2d86e37f0a3b4ffd22831f53b15b1ec.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аҟазауаа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы иааԥхьоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.Аҟазауаа арыцқьаратә ргыларақәа инагӡаны русура атехнологиатә процесс аус адырулоит мызкы ахы аҵыхәала.Ҷанԥҳа лажәақәа рыла арҭ ахархәагақәа ахәшәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит.Асанитартә ҳақьым хада илҳәеит ахәшәтәырҭа иҭыҵуа ацрыҵӡқәа ауаҩԥсы игәабзиаразы ишәарҭоуп ҳәа.Ҷанԥҳа лгәаанагарала, ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аԥара араион ма аҳәынҭқарра абиуџьет иҭыгахоит.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи агоспиталь даҭааны даныҟаз, нанҳәамзазы ажәа риҭеит цәыббра 1 азынӡа ари апроблема аӡбра шаҭахо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148092_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_1c64b28bb17ef6b1382ba9a009d310d2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылатәи аҟазауаа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы иааԥхьоуп
Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аҟазауаа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы иааԥхьоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
Аҟазауаа арыцқьаратә ргыларақәа инагӡаны русура атехнологиатә процесс аус адырулоит мызкы ахы аҵыхәала.
"Ахәшәтәырҭа акорпус хадаҟынтәии аҿкчымазаратә стационар аҟынтәии инеиуа амҩангагатә цәаҳәақәа маҷымкәа иԥсахтәуп. Иара убасгьы арҭ аргыларақәа рахь инанаго ацрыҵқәа рбиологиатә рыцқьара 98% рҟынӡа амҩаԥгара еиҿкаатәуп", – лҳәеит лара.
Ҷанԥҳа лажәақәа рыла арҭ ахархәагақәа ахәшәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит.
Асанитартә ҳақьым хада илҳәеит ахәшәтәырҭа иҭыҵуа ацрыҵӡқәа ауаҩԥсы игәабзиаразы ишәарҭоуп ҳәа.
Ҷанԥҳа лгәаанагарала, ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аԥара араион ма аҳәынҭқарра абиуџьет иҭыгахоит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи агоспиталь даҭааны даныҟаз, нанҳәамзазы ажәа риҭеит цәыббра 1 азынӡа ари апроблема аӡбра шаҭахо.