Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазы абиуџьет ахь инеиз ашәахтәқәа ауснагӡатә рбагақәа ирхыҳәҳәеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты России
Денежные купюры и монеты России - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2022
Анапаҵаҩра
Ашәахтәшәарақәа 140% рыла инагӡоуп, 2021 шықәса иаҿырԥшны 126% еизҳаит.
АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. 2022 шықәса абри аамҭала Аԥсны абиуџьет иалалеит зеиԥш шәарала 2,4 миллиард мааҭ, уснагӡала 1,7 миллиард ахьыҟаз. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәахтәқәеи ашәарақәеи рминистр Михаил Габелиа.
Ахәԥсазцҵаз ашәахтә ауснагӡа 162% рыла инагӡоуп. 476 миллион мааҭ ахьазгәаҭаз иаланагалеит 773 миллион мааҭ.
Ахашәалатә шәахтә 134% инагӡоуп, уснагӡала 557 миллион ахьазгәаҭаз 748 ммиллион алагалоуп.
Ахашәалазы ашәахтә рбагақәа 127% иҟоуп, уснагӡала 473 миллион мааҭ ахьарбоу 601 миллион мааҭ аланагалеит.
Амазараз ашәахтә 155% рыла инагӡоуп, уснагӡала 41 миллион мааҭ рцынхәрас иаланагалеит 64 миллион мааҭ.
Акцизқәа рзы – 97%, 41 миллион мааҭ ахьарба 39 миллион мааҭ аланагалеит.
Адгьыл азы ашәахтә 99 миллион аланагалеит 701,8 миллион мааҭ ахьарбаз.
Ашәахтә ҷыда арбагақәа 126% рыла инагӡан, уснагӡала 80 миллион мааҭ ахьарбаз иаланагалеит 100 млн мааҭ.
Апатенттә шәахтә 148% рыла инагӡан. Уснагӡала 12 миллион ахьарбаз иаланагалеит 17 миллион мааҭ.
Президент Аслан Бжания провел совещание с главами администраций городов и районов Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2022
Аԥсны
Бжьаниеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ашәахтәқәеи, атурсезон шымҩасуеи ирылацәажәеит
Габелиа иажәақәа рыла зегь раасҭа аизгарақәа ыҟоуп Тҟәарчал араион аҿы. Ауснагӡатә нагӡан 268% рыла. Ари анаплакы "Тҟәарчал-рацәа" ауалқәа ахьашәаз азоуп изыдҳәалоу.
Аҟәа 981 млн ахьарбаз иаланагалеит 1,2 млрд мааҭ, Гагра араион 369 млн ахьарбаз иаланагалеит 638 млн мааҭ, Гәдоуҭа араион уснагӡала 128 млн ахьарбаз иаланагалеит 236 млн мааҭ, Аҟәа араион уснагӡала 103 млн ахьарбаз иаланагалеит 107 млн мааҭ.
Гәылрыԥшь араион уснагӡала 44 милион ахьарбаз иаланагалеит 65 млн мааҭ, Очамчыра араион - 101 млн мааҭ ацынхәрас 148 млн мааҭ аланагалеит, Гал араион - 26 млн мааҭ ацынхәрас иаланагалеит 33 млн мааҭ.
Габелиа иҳәеит ашәахтәқәа реиҳарак шыршәаз аргыларатә усхк ахаҭарнакцәа. Уснагӡала 23,2 млн ахьарбаз абиуџьет иалагалан 79,2 млн мааҭ.
Ицәгьам ашәахтәқәа аекскурсиатә усураҟынтә иаланагалаз иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, аиурист хаҿқәеи ахатәнаплакыҩцәеи рлагала 339 млн мааҭ ыҟоуп, (63 млн ИП рҟынтәи, 275 млн аиурист хаҿқәа рҟынтәи).
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит ашәахтә зымшәо аргыларақәеи анаплакқәеи ашәҟәы ишҭаргало.
Иазгәеиҭеит 2022 аӡбарҭатә приставцәа Рмаҵзурахьы ишынашьҭу 176 материал, 200 млн мааҭ алгаразы. Илгоуп 100 мил мааҭ инеиҳаны.
Абиуџьет аҿаԥхьа ашәахтә уал иааидкыланы миллиардк ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0